https://sputnik-abkhazia.info/20230827/uay-nanan-uakha--barbanioup---abzhyuaa-aamaa-ishaylo-1047706931.html
"Уаҵәы Нанҳәан, уаха – Барбанџьиоуп" - абжьыуаа аҿамаҿа ишаԥыло
"Уаҵәы Нанҳәан, уаха – Барбанџьиоуп" - абжьыуаа аҿамаҿа ишаԥыло
Sputnik Аҧсны
Традициала уаҵәы Нанҳәан еиԥш, уаха Барбанџьиа ҳәа абжьыуаа имҩаԥырго ақьабз атәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ... 27.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-27T22:00+0300
2023-08-27T22:00+0300
2023-08-27T23:43+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102776/10/1027761018_0:161:3071:1888_1920x0_80_0_0_bf8216d3094acf189bb4c49b0514620e.jpg
Аҽрыцқьара амш – абас азуҳәар ауеит уахатәи аҵх. Традициала уаҵәы Нанҳәан еиԥш, уаха Барбанџьиа мҩаԥыргоит абжьыуаа. Ари аҵас еицамкрада иахьанӡа иааргеит. Ахәлара ианалага, хәыҷгьы-дугьы еигәныҩны, адәахьы индәылҵны иҩоу, реиҳа амца бзиан изкуа афархьқәа, амҿқәа еизганы амца еиқәырҵоит. Аха аԥхьанатә уи ирҩоу ахәысхәала амца еибадыркуеит.Лара лгәылацәа раԥхьа днагылан, лхы ныҳәан, хәыҷи-дуи ныҳәаныԥхьан, аӡәаӡәала рыхқәа аҵаара накәыхшаны амца иақәыԥсо, хынтә наҟ-ааҟ инахлырԥеит.Барбанџьиа, ишырҳәо ала, доусы имоу иаҩсҭаахә данибылуа амшоуп. Абри ақьабз ала ацәгьара зегь нарҟәыблааны, рышьҭахьҟа иааныжьны иааиуа амш лаша, Нанҳәа-ныҳәа иаԥылоит иҿоу ашәыр-қәыр, аҿамаҿа ала аишәа рхианы, аԥш ҿа иалху абысҭа аԥхьа инаргыланы."Уаха Барбанџьиа ҟаҵаны ҳаалгоит, уаҵәы ҳаҽрыцқьаны, ҿамаҿала Нанҳәа ҳаԥылоит. Нанҳәа изызку аҿамаҿоуп. Аишәа иқәуҵоит, ҳара ишыҟаҳҵо усоуп, иумоу афатә-ажәтә, аҿамаҿа – ажь инаркны, алаҳа инаркны, аԥш аӡа инаркны зегьы, нас ацәашьы аркны иубылуеит, нас ҭаацәаныла утәаны акруфоит, акружәуеит. Убысоуп сара ишыздыруа", - ҳәа ҳалҳәеит ҳинформант, ари аныҳәа лара дхәыҷаахыс ишылбахьо ала иҟаҵо, инагӡо дшаауа. Ахәыҷқәагьы ирзеиҭаҳәалатәуп, идырбалатәуп ҳәа азгәалҭоит.Барбанџьиа иатәу ақә-аҵас анымҩаԥырга ашьҭахьгьы, ахәыҷқәа кыраамҭа еимпуамызт, ҵхагәанынӡа амца фархьла еиздырҳауа иахыԥон, ихәмаруан. Аиҳабацәагьы урҭ ирхылаԥшуа насҭха итәан, дара рхаантәи ргәалашәарақәа неибыҳәо.Абас ҵхагәанынӡа аҽрыцқьара аамҭа рхыргоит, нас, иаашар, ҿамаҿала аныҳәа иаԥылоит абжьыуаа. Ҽаанбзиала аҿамаҿа иагымхаша зегьы!
https://sputnik-abkhazia.info/20220828/arytsara-iaamoup-nana-aamaa-ala-aylara-1041191503.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190827/barbanjia-azyryura-anasyp-apshra-nanhua-alamtalazti-akiabzkua-1024823370.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102776/10/1027761018_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_c29a0d57e057d7d64b817697b3caa9ae.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
"Уаҵәы Нанҳәан, уаха – Барбанџьиоуп" - абжьыуаа аҿамаҿа ишаԥыло
22:00 27.08.2023 (ирҿыцуп: 23:43 27.08.2023) Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Традициала уаҵәы Нанҳәан еиԥш, уаха Барбанџьиа ҳәа абжьыуаа имҩаԥырго ақьабз атәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа. Ҷыдала лара дрыҿцәажәеит Тҟәарчал ари ақьабз уаха имҩаԥызгаз Марина Габуниа.
Аҽрыцқьара амш – абас азуҳәар ауеит уахатәи аҵх. Традициала уаҵәы Нанҳәан еиԥш, уаха Барбанџьиа мҩаԥыргоит абжьыуаа. Ари аҵас еицамкрада иахьанӡа иааргеит.
Ахәлара ианалага, хәыҷгьы-дугьы еигәныҩны, адәахьы индәылҵны иҩоу, реиҳа амца бзиан изкуа афархьқәа, амҿқәа еизганы амца еиқәырҵоит. Аха аԥхьанатә уи ирҩоу ахәысхәала амца еибадыркуеит.
"Ажәытәан, аиаҵәара, ахәысхәа (акинзоума, апетрушкоума) ажәла анылнагалак, нас убри ргон, идырҩон, ажәла лаҵатәыс ирышьҭуан, џьара фатәык ҟарҵома, џьыкоума-егьиума, уахь иаларҵон, иара ахаҭа амахә џьара еиҿкааны-егьины икнарҳауан. Нас абри абарбанџьиа анааилак, убри былуа ахәыҷқәа, аҿар иахыԥон. Аҵаара ааргон, уи ахьӡ уҳәар ҟалаӡом (аџьыкахыш - Е.Ҭ.), рхы иакәдыршоит, ирҳәоит: акыр сыхьран иҟазар, схәыҷқәа роума, сҭынхацәа роума, абри иара ашкәакәа шыбылуеиԥш убыс сааигәа имааит, иблааит, - ҳәа. Убыс иҟауҵоит", - ҳәа еиҭалҳәоит Тҟәарчал инхо, 62 шықәса зхыҵуа Марина Габуниа.
Лара лгәылацәа раԥхьа днагылан, лхы ныҳәан, хәыҷи-дуи ныҳәаныԥхьан, аӡәаӡәала рыхқәа аҵаара накәыхшаны амца иақәыԥсо, хынтә наҟ-ааҟ инахлырԥеит.
Барбанџьиа, ишырҳәо ала, доусы имоу иаҩсҭаахә данибылуа амшоуп. Абри ақьабз ала ацәгьара зегь нарҟәыблааны, рышьҭахьҟа иааныжьны иааиуа амш лаша, Нанҳәа-ныҳәа иаԥылоит иҿоу ашәыр-қәыр, аҿамаҿа ала аишәа рхианы, аԥш ҿа иалху абысҭа аԥхьа инаргыланы.
"Уаха Барбанџьиа ҟаҵаны ҳаалгоит, уаҵәы ҳаҽрыцқьаны, ҿамаҿала Нанҳәа ҳаԥылоит. Нанҳәа изызку аҿамаҿоуп. Аишәа иқәуҵоит, ҳара ишыҟаҳҵо усоуп, иумоу афатә-ажәтә, аҿамаҿа – ажь инаркны, алаҳа инаркны, аԥш аӡа инаркны зегьы, нас ацәашьы аркны иубылуеит, нас ҭаацәаныла утәаны акруфоит, акружәуеит. Убысоуп сара ишыздыруа", - ҳәа ҳалҳәеит ҳинформант, ари аныҳәа лара дхәыҷаахыс ишылбахьо ала иҟаҵо, инагӡо дшаауа. Ахәыҷқәагьы ирзеиҭаҳәалатәуп, идырбалатәуп ҳәа азгәалҭоит.
Барбанџьиа иатәу ақә-аҵас анымҩаԥырга ашьҭахьгьы, ахәыҷқәа кыраамҭа еимпуамызт, ҵхагәанынӡа амца фархьла еиздырҳауа иахыԥон, ихәмаруан. Аиҳабацәагьы урҭ ирхылаԥшуа насҭха итәан, дара рхаантәи ргәалашәарақәа неибыҳәо.
Абас ҵхагәанынӡа аҽрыцқьара аамҭа рхыргоит, нас, иаашар, ҿамаҿала аныҳәа иаԥылоит абжьыуаа.
Ҽаанбзиала аҿамаҿа иагымхаша зегьы!