Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ладариа Аԥсни Никарагуеи реизыҟазаашьа аԥеиԥшқәа дрылацәажәеит

© SputnikИнар Ладария
Инар Ладария - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Анапаҵаҩра
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәыла ашьҭахь, 2008 шықәса цәыббра 3 рзы.
АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Никарагуеи Аԥсни рыбжьара аусеицура аԥеиԥш бзиақәа амоуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа.
Адипломат иазгәеиҭеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишышьақәгыло аизыҟазаашьа бзиақәа, ишымҩаԥысуа аԥышәеимдара, адипусбарҭақәа рыбжьара аинырра шыҟоу.
"Агәрагара ҳамоуп арегион аҿы Никарагуа хара имгакәа аҿиара иацентрны ишыҟало, иаҳбарҭоуп уи азы алшарақәа шамоу. Ари аҩыза атәыла ахьҳадгылаҩу акыр иаԥсоуп. Арҭ аизыҟазаашьақәа ҳарҿиалоит ҳажәлар рзеиԥш Никарагуа ажәлар рызгьы", - иҳәеит иара.
Ацҳаражәҳәаҩ Никарагуа Аԥсны ахьазханаҵаз ареспубликеи ажәлари рҭоурых азеиԥш жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рызгьы иҭоурыхтә хҭысны дахәаԥшуеит.
"Ҳажәлар ахьыԥшымрази асуверенитет ази ирымоу азини изнысыз амҩеи азгәаҭаны Никарагуа ахада Даниель Ортега иӡбара иашан ҳәа иазысшьоит, уи азы иҭабуп ҳәагьы иаҳҳәоит", - иҳәеит иара.
Флаг Республики Никарагуа. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2023
Аԥсны
Аԥсуа делегациа алахәылацәа Никарагуа русутә ныҟәара хдыркәшеит
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәыла ашьҭахь, 2008 шықәса цәыббра 3 азы. 2023 шықәса рзы ареспубликаҿы имҩаԥысит афорум "Global Abkhazia", уи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵра иазкын. Аусмҩаԥгатә иаҭааит никарагуатәи аделегациа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада раԥхьа днаргыланы.
2023 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа зхадараҿы дыҟаз Аԥсны аделегациа Никарагуа иаҭааит Асандинисттә револиуциа 44 шықәса ахыҵра азгәаҭара алахәхаразы. Аганқәа рнапы аҵарҩит 2023 шықәсазы имҩаԥыргаша аусқәа рыплан, уи инақәыршәаны акультура, аспорт, аҵараиура, аҿартә политика аусхкқәа рҿы аусеицура азԥхьагәаҭоуп.
Чрезвычайный и Полномочный Посол Республики Абхазии в Республике Никарагуа Инар Ладария встретился с Чрезвычайным и Полномочным Послом  Российской Федерации в Республике Никарагуа Александром Хохоликовым. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2023
Аԥсны
Инар Ладариа диԥылеит Никарагуа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ
Ажәабжьқәа зегьы
0