Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукФотовыставка “Путь поэта” в ЦВЗ к 85-летию Мушни Ласурия
Фотовыставка “Путь поэта” в ЦВЗ к 85-летию Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҟны, цәыббра 5 рзы.
Ицәыргаз афотоҭыхымҭақәа рҟны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иҭаацәеи, иҩызцәеи, аҟазауааи, аҵарауааи рыгәҭа дгылоуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын Аҟәа

Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын Аҟәа - Sputnik Аҧсны
1/4

2/4

3/4

4/4

Еиуеиԥшым афотоқәа рҟны Аԥсны Жәлар рпоет дрывагылоуп аԥсуа литература аклассикцәа Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр, Фазиль Искандер, Рушьбеи Смыр, аҵарауаа Гьаргь Ӡиӡариа, Шьалуа Инал-иԥа, аурыс шәҟәыҩҩцәа Евгени Евтушенко, Александр Твардовски, Андреи Вознесенски уҳәа.
Аԥсны Абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа Мушьни Лашәриа ҳамҭас алабашьа ииҭеит.
Ацәыргақәҵа аартраҟны иқәгылоз апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа Мушьни Лашәриа аԥсуа литератураҿы илшамҭақәа азгәарҭеит.
Мушьни Лашәриа афотоцәыргақәҵа иаҭааз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Цәыббра 5 рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵреи ирҿиаратә ҟазара 70 шықәса ахыҵреи рыхьӡала иаатит аҭҵарадырратә конференциа.
Конференция, посвященная 85-летию Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Аԥсны
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра ахьӡала аҭҵарадырратә конференциа аатит
Мушьни Лашәриа – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Антон Дельвиг ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы.
Ажәабжьқәа зегьы
0