Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Дцон аԥҳәызба еибашьра": Манана Арышԥҳа абџьар шышьҭылхыз атәы

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik ихацныркыз "Дцон аԥҳәызба еибашьра" апроект азкуп аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа.
Леон иорден занашьоу Манана Арышԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, еибашьра ицахьаз лаҳәшьеи лашьеи рышьҭахь, лани лаби ирамҳәаӡакәа афронт ахь лцара шыҟалаз, дызлаз агәыԥқәа аибашьцәа ҳаҭырла ишлызныҟәоз, насгьы зегь реиҳа хьаа дуу иахьагьы илыцу аибашьра ахҭыс.
"Очамчыра ақалақь салҵны Тҟәарчал саннеи сашьеи саҳәшьеи еибашьра ицахьан. Сара аамҭаказ сани саби рыҟны сыҟан. Октиабр 26 рзы Дед Ԥачлиа игәыԥ Очамчыра ақалақь ианалала, Тҟәарчалаа ҳаҷкәынцәа иҭахаз рацәаҩхеит. Убысҟын сгәы иҭаскит џьара аӡәы сицхраазҭгьы деиқәымхоз ҳәа, иагьысыӡбеит аибашьра сцарц", - ҳәа лҳәеит Манана Арышԥҳа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0