Урыстәыла

Лавров: Москвеи Аҟәеи реиҩызара аамҭа иԥнашәахьеит

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча глав МИД РФ и Ирана С. Лаврова и Х. А. Абдоллахиана
Встреча глав МИД РФ и Ирана С. Лаврова и Х. А. Абдоллахиана - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылеит 15 шықәса раԥхьа. Цәыббрамзазы аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара Аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩит.
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Москвеи Аҟәеи реиҩызара аамҭа иԥнашәахьеит, аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рхырхарҭала, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Лавров иколлега Инал Арӡынба Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылежьҭеи 15 шықәса аҵра идиныҳәалеит.
"Ҳара ҳаиднакылоит иаҳзааигәоу акультура-цәаҩашәа ахырхарҭақәа, еицаҳзеиԥшуа аҭоурых адаҟьақәа ҳрызгәдууп", - иҳәеит Урыстәыла АДә рминистр.
Сергеи Лавров иазгәеиҭеит, адәныҟаполитикатә усбарҭақәа русеицура ишалдыршо "иактуалтәу азҵаарақәа рыӡбра, Аԥсны ахьӡ-аԥша ашьҭхра".
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адипеизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 15 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз адныҳәалара ҟаиҵеит.
"Урыстәыла Аҳәынҭқарра еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны Аԥсны адгылара шанаҭац ианаҭалоит", - иҳәеит Шургалин.
Ажәабжьқәа зегьы
0