Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵатәи амилаҭтә парк 2023 шықәсазтәи аԥхынразы аихшьала ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРицинский реликтовый национальный парк Абхазии
Рицинский реликтовый национальный парк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2023
Анапаҵаҩра
Ииасыз аԥхынразы амилаҭтә парк иаҭааз 2022 шықәсазтәи аԥхынраз аасҭа 35 000-ҩык рыла еиҵахеит.
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк ииасыз аԥхынразы иаҭааит 360,4 нызқьҩык атуристцәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аобиект адиректор Адамыр Багаҭелиа.

Ашықәс иаалагазар цәыббра 1 аҟынӡа апарк иаҭааит 439 000-ҩык атуристцәа. 2022 шықәса иара абри аамҭазы апарк иаҭааит 492,9 000-ҩык атуристцәа. Багаҭелиа иазгәеиҭеит ари арбага 53 000-ҩык рыла ишеиҵоу.

"2022 шықәсазы аасҭа сынтәа иҟоу аиҵахара аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирывызбоит. Ашьхарахь иааҟәымҵӡакәа ақәа леиуан. Нанҳәамза заҵәык ҳаргәырӷьеит мыш бзиала. Аҭааҩцәагьы еиҳан 2022 шықәсазы аасҭа", - иҳәеит Багаҭелиа.
Адиректор иажәақәа рыла, сынтәа рашәарамзазы апарк иаҭааит 74,9 нызқьҩык атуристцәа, ԥхынгәымзазы – 124,8 нызқьҩык, нанҳәамзазы – 160,5 нызқьҩык.
Адамыр Багаҭелиа иҳәеит ажьырныҳәамзаахыс ишыҭиу 289,9 миллион мааҭ рыхә абилеҭқәа. Ииасыз ашықәс азы иҭиин 309,9 миллион мааҭ рыхә.
Адиректор иазгәеиҭеит арҭ арбагақәа Риҵатәи апарк аусура ианыԥшуам, 2023 шықәсазы иазгәаҭаз аусурақәа зегьы мҩаԥгоуп ҳәа. Арахь иаҵанакуеит аремонт-шьақәыргыларатә усурақәа реиԥш аҭҵаарадырратә усурақәагьы.
Обитатели Рицинского реликтового национального парка в фотоловушках  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Аԥсны
Афотокаҭақәа рхархәарала зхыԥхьаӡара маҷу аԥстәқәа Риҵатәи апарк аҿы ишыҟоу шьақәырӷәӷәоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0