https://sputnik-abkhazia.info/20230913/charysh-aya-adgylazaraan-akhasa-zauyz-15-million-maa-inareiany-irzyrsheit-1047959331.html
Чаӷрыԥшь ақыҭаҿ адгьылҳәазараан аԥхасҭа зауыз 1,5 миллион мааҭ инареиҳаны ирзыршәеит
Чаӷрыԥшь ақыҭаҿ адгьылҳәазараан аԥхасҭа зауыз 1,5 миллион мааҭ инареиҳаны ирзыршәеит
Рашәарамзазы Гагра араион аҿы амшцәгьақәа иҟаз ареспубликатә мҩадуи аихамҩеи рыхәҭак ықәнаӡәӡәааит, асасааирҭа иацыз аицынхарҭа ахыбра агеит, ҩнқәак аҳәынҵәа... 13.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-13T13:05+0300
2023-09-13T13:05+0300
2023-09-13T13:14+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
гагра араион
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/18/1039792728_4:0:1277:716_1920x0_80_0_0_5e2231c2b3bafd153de8555050fa93d6.jpg
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Чаӷрыԥшь ақыҭаҿ адгьылҳәазара иахҟьаны аԥхасҭа зауыз ҩ-ҭаацәарак 1,5 миллион мааҭ инареиҳаны ирзыршәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба. Ҵышәба иажәақәа рыла акомиссиа ҷыда иҭнаҵааит аԥхасҭа амҽак. Иара убасгьы иҳәеит аӡымытҟьар ахьықәлаз аҟынтә 1500 еидарамҩангага ахаҳәи агәами шықәгаз. Аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтә ари аус иазоужьын 7,5 миллион мааҭ. "Аҟазауаа иҭырҵааит ари аҭыԥ аҿы иҟоу ацҳа ашьаҟақәа, иазгәарҭеит урҭ ԥырхага шрымамыз. Аӡымытҟьар ахьлеиз аҩхаа ҳалацәажәозар, макьана иаҳзеилымкаацт асеиԥш зыҟалаз. Ара инхо ажәытәуаа ирҳәоит аҩхаа ахыхь адгьылаҵатә ӡиа ыҟоуп, асы аӡыҭраан аӡы халалоит ҳәа, аха уи ус шакәцәҟьоу макьана аӡәгьы изҳәаӡом", - еиҭеиҳәоит Ҵышәба. Рашәарамза 13-14 рзы Гагра араион аҿы амшцәгьақәа иҟаз ареспубликатә мҩадуи аихамҩеи рыхәҭак ықәнаӡәӡәааит, асасааирҭа иацыз аицынхарҭа ахыбра агеит, ҩнқәак аҳәынҵәа рықәнаҵеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230620/charysh-adgylazara-ashakh-arytsaraa-irylageit-1046426814.html
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/18/1039792728_163:0:1118:716_1920x0_80_0_0_80a645522a05ae44136d759bb4c5967a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, гагра араион
ажәабжьқәа, аԥсны, гагра араион
Чаӷрыԥшь ақыҭаҿ адгьылҳәазараан аԥхасҭа зауыз 1,5 миллион мааҭ инареиҳаны ирзыршәеит
13:05 13.09.2023 (ирҿыцуп: 13:14 13.09.2023) Рашәарамзазы Гагра араион аҿы амшцәгьақәа иҟаз ареспубликатә мҩадуи аихамҩеи рыхәҭак ықәнаӡәӡәааит, асасааирҭа иацыз аицынхарҭа ахыбра агеит, ҩнқәак аҳәынҵәа рықәнаҵеит.
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Чаӷрыԥшь ақыҭаҿ адгьылҳәазара иахҟьаны аԥхасҭа зауыз ҩ-ҭаацәарак 1,5 миллион мааҭ инареиҳаны ирзыршәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
"Аӡымытҟьар иахҟьаны ҩ-ҩнык аԥхасҭа роуит. Акы зынӡа ирбгоуп, егьи аахақәа аман. Араион абиуџьет аҟынтәи зыҩны бгаз ирыҭан 1,2 миллион мааҭ. Уажәы дара аҩныргылара иаҿуп. Аҩбатәи аҭаацәа ирзыршәеит 350 нызқьмааҭ", – иҳәеит иара.
Ҵышәба иажәақәа рыла акомиссиа ҷыда иҭнаҵааит аԥхасҭа амҽак.
Иара убасгьы иҳәеит аӡымытҟьар ахьықәлаз аҟынтә 1500 еидарамҩангага ахаҳәи агәами шықәгаз. Аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтә ари аус иазоужьын 7,5 миллион мааҭ.
"Аҟазауаа иҭырҵааит ари аҭыԥ аҿы иҟоу ацҳа ашьаҟақәа, иазгәарҭеит урҭ ԥырхага шрымамыз. Аӡымытҟьар ахьлеиз аҩхаа ҳалацәажәозар, макьана иаҳзеилымкаацт асеиԥш зыҟалаз. Ара инхо ажәытәуаа ирҳәоит аҩхаа ахыхь адгьылаҵатә ӡиа ыҟоуп, асы аӡыҭраан аӡы халалоит ҳәа, аха уи ус шакәцәҟьоу макьана аӡәгьы изҳәаӡом", - еиҭеиҳәоит Ҵышәба.
Рашәарамза 13-14 рзы Гагра араион аҿы амшцәгьақәа иҟаз ареспубликатә мҩадуи аихамҩеи рыхәҭак ықәнаӡәӡәааит, асасааирҭа иацыз аицынхарҭа ахыбра агеит, ҩнқәак аҳәынҵәа рықәнаҵеит.