Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Џьынџьалԥҳа афронт ахь лцара шыҟалаз атәы

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Џьынџьалԥҳа афронт ахь лцара шыҟалаз атәы
Анапаҵаҩра
Аибашьра аветеран, амедиеҳәшьа Илона Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит лҭаацәа ирамҳәаӡакәа афронт ахь лцара шыҟалаз, аибашьраҟны иаҳа илцәыуадаҩыз атәы.
"Агәымшәараз" амедал занашьоу, аибашьра аветеран Илона Џьынџьалԥҳа 19 шықәса лхыҵуан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага. Лара аҭаацәа рҟны ахәыҷқәа дреиҳабын, егьырҭ ҩыџьа лаҳәшьцәа ашкол иҭан.
“Ҭагалан еиҳа мҽхакы ҭбаала аибашьра иалагеит, ақалақь аҿы ауаагьы ахәцәагьы рхыԥхьаӡара рацәахеит. Саб аштаб аҟны ашәҟәы иҽаниҵеит афронт ахь ацаразы, аха афымцалашара аганахь ала аус ахьиуаз аҟынтә дырмышьҭит уахь. Убри аамҭазы саргьы снеины аштаб аҿы сыҽҭасыҩит. Тҟәарчал артҟәацгақәа ҳаларыжьуан, убас сгәы иаанагеит, аснариад схы иааханы сыԥсыр аасҭа, Аԥсны сацхраап ҳәа сгәаӷьит. Ҩымчыбжь ҵхьан, аха аӡәгьы "бааи ҳәа" сарымҳәаӡеит. Сгәы аныԥжәа, сыхәшәқәа зҭаз аашьҭысхын, сықәлан сцеит Баслахәҟа, сҭаацәагьы ирыздырӡомызт. Сахьшәыхәо акрыҟазар абра сыҟоуп сҳәан, снеит Баслахә. Даур Киртаӡе командирс дыҟан, аҵыхәтәанӡа Баслахәтәи абаталион салан ", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аҟазара азанааҭ алзхыз, уи ала аҵара зҵоз Илона Џьынџьалԥҳа илгәалалыршәеит раԥхьатәи амшқәа рзы ахәцәа ацхыраара шрылҭоз.
"Аҷкәынцәа ахәра анроуаз, ахьаахҽыга агәыр анырзыҟасҵоз снапқәа ҵысун, аиашазы даара исцәыуадаҩын, аха узышьцымло ҳәа акгьы ыҟам ҳәа сгәы иаанагоит. Убри аҩыза аҭагылазаашьа ҳҭагылан, иҟаумҵар ауӡомызт. Урҭқәа срызхәыцны, сгәы рӷәӷәаны сус саҿын ", - лҳәеит аибашьра аветеран.
Лара еиҭалҳәеит аибашьраҟны илҭыԥым ҳәа изныкымкәа аҩныҟа дрышьҭырц ишаҿыз, аха ԥхынҷкәынмза 26 1992 шықәсазы Баслахә аганахь ақырҭцәа иҟарҵаз ажәылара анаҩс, ҳаибашьцәа уаҳа уи азҵаара шышьҭырымхыз.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0