Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Иҩызцәа ршьа иуан": аибашьраҿы иҭахаз Асҭамыр Ладариа изкны

© Foto / из семейного архива семьи ЛатариаАсҭамыр Ладариа
Асҭамыр Ладариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2023
Анапаҵаҩра
Аспорт ду иаанаԥхьаз, аҳәаанырцә агәашәқәа ззаартыз, 20 шықәса зхыҵуаз абоксиор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афизика-математикатә факультет астудент Асҭамыр Едуард-иԥа Ладариа дыруаӡәкхеит, акариера мап ацәкны зыԥсадгьыл ахьчара иазгылаз. Асҭамыр дабиԥазаҵәын, игәшәа ҳәаны дныркыларц ишашьҭазгьы, ахаҵа нага еиԥш ихы аарԥшны Аԥсны иақәлаз аӷацәа аҿагылара риҭоит. Арԥыс дҭахоит Алада Ешыра ақыҭан, ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы. Асҭамыр иҭоурых еиҭалҳәеит иаҳәшьеиҵбы Оксана Ладариаԥҳа.
Аамҭала Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №5 (иахьа №1) иреиӷьыз аҵаҩцәа ҳәа иԥхьаӡаз, амаҭәарқәа неибеиԥшны изықәманшәалахоз, асахьаҭыхра иазҟазаз, аспорт аҿы алҵшәа бзиақәа аазырԥшуаз Асҭамыр, иаԥхьаҟа иалихуазаалакгьы азанааҭ аҟны дшышьақәгылоз агәра ргон дыздыруаз зегьы. Арԥыс ашкол даналга дҭалоит Новочеркассктәи аполитехникатә институт, афизика-математикатә факультет, аха актәи акурс ашьҭахь диасуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь. 1992 шықәсазы иара ахԥатәи акурс хиҩеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара ҽнак шагыз, нанҳәа 13 аҽны Асҭамыр иазгәеиҭеит иирамш, иара ихыҵит 20 шықәса. Адырҩаҽны, шьыжьынӡа зҩызцәа рыла аамҭа зхызгаз арԥыс дахьынӡашьҭаз, иан Раиса (Лариса) Кәакәасқьырԥҳа телехәаԥшрала илбеит аибашьра ишалагаз, ақырҭцәа бџьарла еиқәных Аԥсны ишалалаз. Ан иаразнак лԥазаҵә лгәы дыҵхеит.
© Foto / их семейного архива семьи ЛатариаАсҭамыр Ладариа аринг аҟны
Асҭамыр Ладариа аринг аҟны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Асҭамыр Ладариа аринг аҟны
"Аибашьра ианалага раԥхьатәи амш азы, ахәылбыҽха сара Калдахәараҟа сан лаҳәшьа дахьрымаз срышьҭит. Гагра иалахеит сани, саби, сашьеи. Аҩны абџьар ҳамамызт, аха Асҭамыр иахьынтәааигаз сыздыруам, аха арҭҟәацгак ихчы иаҵаҵаны иман. Ҽнак "мхьедрионаа" аҩны арҳәразы ианаа, зегьы еилырхны иахькарыжьуаз рылаԥш излаҵамшәаз џьасшьоит. Ана-ара ибналаны итәаз Асҭамыр, аамҭак ашьҭахь ҳдырцәақәак Ԥсоу аҳәаа диаргоит, уи ашьҭахь саби қырҭуаки еҭнырыԥсахлоит, анаҩс сан дрыԥсахит. Асҭамыр Шәачанӡа даннеи, Гәдоуҭаҟа агәыҳалалратә цхыраара аазгоз аӷба дацны дааит. Саб ашьхақәа адиверсантцәа рҟнытә изхьчоз агәыԥ далалеит", - илгәалашәоит Оксана Ладариаԥҳа.
Оксана дахьыҟаз Калдахәарагьы, аԥсуа еибашьцәа Гагра ргаанӡа ишәарҭан. Аҳаирпланқәа СУ-25 ала аӷацәа изныкымкәа рашҭа иахаԥырны, Бзыԥ ацҳа ԥыржәоит ҳәа арҭҟәацгақәа ақәрыжьхьан.
Асҭамыр Гәдоуҭа данӡхыҵ, Бзыԥҭатәи аштаб ахь даауеит. Абџьар шыҟамызгьы, џьара тапанчак ԥшааны иҩызцәа дрыцны Гагратәи ажәылара иҽалаирхәоит. Гагра араион ахы ианақәиҭха ашьҭахь, "иҟауҵаз азхеит, уабиԥазаҵәуп, уаангыл" ҳәа диҳәоит иҩыза Асҭамыр (Масик) Қапба, аха иара дӡырҩуазма, Аҟәа аҵара ицызҵоз аҷкәынцәа дрыцлоит. Дахәҭакхоит Сергеи Матосиан командаҟаҵаҩс дызмаз Аҟәатәи аҩбатәи абаталион.
"Асҭамыр изы даара агәыхь зцылаз жәыларахеит Ажьырныҳәатәи. Усҟан дҭахеит ҳаб иашьа иԥа Борис Ладариа. Аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит рыԥшыхәратә взвод акомандаҟаҵаҩ, Асҭамыр сашьа ҳәа зыхьӡ иҳәахьаз, иарӷьажәҩаны ивагылаз Руслан Ешба. Уи ашықәсан ӷәӷәала ихьҭан, асы рацәаны иауит. Асҭамыри Хаика Зарданиеи иҵааха иҟаз аӡы ирны Руслан иԥсыбаҩ ааргеит. Асҭамыр ибааӡаз имаҭәа злаиԥсахшаз ҟамлаӡеит. Усҟан иҷаҷақәа ахьҭа рылалеит. Исгәалашәоит, ахыза иҽылаҳәаны, еиԥшымыз ачхьаркьқәа ишьаҵаны аҩныҟа дшааргаз. Ауада данааҩнашыла, аҭӡамц иҭаҷкәымқәа раҵәаны дасуан, "сашьа дыршьит" ҳәа. Усҟан иара напышьашәала дазыхиан иҭахаз ршьа аура", - еиҭалҳәоит аиаҳәшьа Оксана.
Асҭамыр Ажьырныҳәатәи ажәылара ашьҭахь, иҷаҷақәа рыхәшәтәразы Москваҟа дрышьҭуеит. Аха Хәажәкыратәи ажәылара ишалагоз аниаҳа, аҵыхәтәанынӡа иҽымхәшәтәкәа Аԥсныҟа даауеит.
Иманшәаламхаз, ишьаарҵәырахаз ажәылара ашьҭахь, Асҭамыр игәы каҳаит. Иблаҿы иршьызи ирхәызи иҩызцәа рылымкаа адәы ақәлара ицәыхьанҭахеит. Аха игәы ҿаимҳәар ҟамлеит, Аԥсны ашәарҭара ишҭагылац иҭагылан. Аҷкәынцәа Аиааирахь ирымаз агәазыҳәара ауп иалзыршаз ԥхьаҟатәи аиааира, акәымзар абриаҟара ахлымӡаах иалаԥшны ирылшарызеи…
Ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы, Алада Ешыра ақыҭан аопозициаҿы итәаз Асҭамыр игәыԥ, аӷацәа иаалырҟьаны еиԥмырҟьаӡакәа ирылахысуа иалагеит.
© Foto / из семейного архива семьи ЛатариаАсҭамыр Ладариа
Асҭамыр Ладариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Асҭамыр Ладариа
"Анапсаргәыҵа еиԥш иахьҟьаҟьарсҭаз аҭыԥ иақәшәеит Асҭамырраа. Ицыз аҷкәынцәа зегь рыхьӡқәа сгәалашәом, аха ишыҟаз здыруеит Масик Қапбеи, Дима Џьениеи, Бесик Касланӡиеи. Аӷацәа ирзыманшәалахеит ҳаибашьцәа арылахысра. Усҟан Асҭамыр дналаҵаны иҭахеит хәҩык. Уи аҽны сани сареи бааԥсыла ихәыз саншьа иԥа Џьансыхә Кәакәасқьыр ибаразы Гәдоуҭаҟа ҳаҟан. Ҳзықәшәаз арыцҳара атәы здырхьаз ҳгәыла дҳашьҭаланы даан, "Асҭамыр дырхәит" ҳәа аҩныҟа ҳиманы ддәықәлеит, ҳашҭа ҳаназааигәаха еилаҳкааит иҟалацәҟьаз", - лашьазаҵә иҭахара лгәалалыршәоит аиаҳәшьа.
Асҭамыр ихӡыӡаауаз аб Едик иҳәҳәабжь, иахьагьы рлымҳа иҭыҩуеит ахҭыс шаҳаҭс иамоу ауацәеи, аҩызцәеи, агәылацәеи.
"30 шықәса шҵхьоугьы, уажәыгьы сшәаны, шәашҭахь иԥшуа аԥенџьыр сзадгылаӡом, шәаб сылаҿы дааины иҳәҳәабжь слымҳа иҭыҩуеит" лҳәоит иаҳҿахарсҭоу аҩнеихагылаҟны инхо сҩыза Гәында Чамагәуаԥҳа. Асҭамыр иҭахара аиашазы хьаа дуны ирыдыркылеит дыздыруаз зегьы", - ҳәа азгәалҭоит Оксана.
Асҭамыр Ладариа данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден.
© Foto / из семейного архива семьи ЛатариаАсҭамыр Ладариа данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден.
Асҭамыр Ладариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Асҭамыр Ладариа данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден.
Ажәабжьқәа зегьы
0