Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба иҳәеит Белоруссиа економикала де-факто Аԥсны азханаҵеит ҳәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Афон, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда актив дырԥылеит аԥшьаша, цәыббра 14 рзы.
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҳәеит Белоруссиа економикала де-факто Аԥсны азханаҵеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы иазгәеиҭеит Аԥсни Белоруссиеи рыбжьара аекономикатә еимадарақәа шышьақәдыргыло, иҳәеит белоруссиатәи ахада Александр Лукашенко атәылақәа рыбжьара абаџьдатә хәҳаахәҭра шышьақәиргыло.
"Ҳара ҳзы ари економикала де-факто зхаҵароуп. Ари аҭагылазаашьа ҳхы ишаҳархәо иабзоурахоит Белоруссиеи ҳареи ҳполитикатә еизыҟазаашьақәа рхырхарҭа", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Уи адагьы, аиԥылараҿы иалацәажәеит Аԥсни Ааигәа Мрагылара иҟоу атәылақәеи рыбжьара ашәарҭадареи реизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа. Ахәҭакала иазааҭгылан "Аԥсны - Еиду Арабтә Емиратқәа" аусутә еилакы алыршара.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба атәыла араионқәа рыҟны ауаажәларреи, араион анапхгареи, араионтә еизареи алархәны аусутә еиԥыларақәа мҩаԥигоит. Уаанӡа, ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа мҩаԥигахьан Очамчыра, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал, Аҟәа араионқәа рыҟны.
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Аԥсны
Аԥсны ААР ахада Қырҭтәыла аԥсуа зҵаара ӡбашьас ианаҭар алшо атәы иҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0