Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аделегациа Ҟазахсҭан атурфорум иалахәхоит

© Sputnik / Сергей Субботин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАстана. Здание Президентского дворца (слева) и здание парламента Республики Казахстан
Астана. Здание Президентского дворца (слева) и здание парламента Республики Казахстан - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2023
Анапаҵаҩра
Аделегациа иалахәуп Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, ихаҭыԥуаҩ Дмитри Занҭариа, "Аԥсны-урыстәылатә туристтә ассоциациа" ахантәаҩы Ҭарашь Хәытаба.
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа Ҟазахсҭан I Жәларбжьаратәи атурфорум "Иҭышәынтәалам адунеи аҿы атуризм аҿиаразы ишьақәгылоу астратегиа" ( "Стратегия устойчивого развития туризма в неустойчивом мире"-аред.) иалахәхоит, абри атәы аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
Иара убасгьы ареспублика ахаҭарнакцәа алахәхоит Жәларбжьаратәи атуроператорцәа рконгресс. Аконгресс атема - "Ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьаан жәларбжьаратәи атуристтә џьырмыкьа аҽеиҭакрақәа Аҿиара аԥеиԥшқәеи апартниорреи".
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббра 16-17 рзы алахәылацәа алацәажәоит апартниорра апринципқәа. Анаҩс атуроператорцәа рконгресс аҟны цәыббра 18-19 рзы ирылацәажәоит атуристтә џьырмыкьа атенденциақәа, атурист маҵзура агрегаторцәеи атуроператорцәеи рԥеиԥш.
Ажәабжьқәа зегьы
0