Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Инаԥшьԥҳа леибашьратә мҩазы: сыбнамлеит, сашьцәа ахьыҟаз сыҟан

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Емма Инаԥшьԥҳа леибашьратә мҩа иазкны
Анапаҵаҩра
Агәымшәаразы амедали, Леон иордени занашьоу Емма Инаԥшьԥҳа арадио Sputnik апроект "Дцон аԥҳәызба еибашьра" аҳәаақәа ирҭагӡаны илгәалалыршәеит аибашьра ианалага раԥхьатәи аидысларақәеи, иҭахоз лҩызцәа руасиаҭ ажәа шыналыгӡози ртәы.
Емма Инаԥшьԥҳа еиҭалҳәеит 1989 шықәса рзы ақырҭцәа Аԥсны аҵараиурҭа ду аартра иаҿагыланы имҩаԥысуаз акциақәа дышрылахәыз. Усҟан лара уи азы аусура дамхын. Анаҩс, Аԥсуа гвардиа анеиҿкааха, уи далалеит. Аибашьра ианалагоз ауха лара дҷаԥшьаҩын. Охәреи раԥхьатәи аидысларақәа рышьҭахь зыԥсы еиқәханы Ачадаранӡа иааз Ҳашба ҷкәын ацхыраара шилҭаз атәы дазааҭгылеит.
"Атанкқәа Агәыӡера инеихьан. Иаҭахыз аҿаҳәагақәа зегьы иааидкыланы Вианор Ашба игәыԥ амашьына ҳақәтәаны ҳашнеиуаз 14-тәи ашкол азааигәара ахысра иалагеит. Ҳарҭ акаскақәеи абронежилетқәеи ҳарҭан ишәырӡыр ҟалаӡом, ахә цьгьоуп ҳәа ҳарҳәахьан. Иҟашьыр ҳәа сшәон. Уа ҳаҷкәынцәа аӡәы дырхәит, егьы дкаҳаит, ари зегьы афильмқәа рҿы избахьан акәымзар, сақәымшәацызт. Вианор ихы ҿасҳәеит. Сҩыза Ельзеи сареи абри зегьы ҳахьынӡаҿыз ҳазмырӡеит Ацҳа ҟаԥшь. Уа инхоз урыс ԥхәыск аҩныҟа ҳналган ҳабџьарқәеи ҳамаҭәеи ааҳамхны ахалаҭқәа ҳшәылҵеит. Убри лыбзоуралоуп нас ҳаҷкәынцәа рахь ҳшиасыз", - еиҭалҳәеит Инаԥшьба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0