Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа Риҵа" аатит Аҟәа

© SputnikАбхазо-адыгский литературный фестиваль "Рифмы на Рице" открылся в Сухуме
Абхазо-адыгский литературный фестиваль Рифмы на Рице открылся в Сухуме    - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2023
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Арифмақәа Риҵа-2023" еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, адыга поет, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Заур Налоев диижьҭеи 95 шықәса аҵра ахьӡала.
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Есышықәсатәи аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа Риҵа" аатит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны, цәыббра 16 рзы.
Атеатр афоие аҟны еизеит апоетцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, асахьаркыратә ажәа азҟазацәа Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Вахтанг Аԥҳазоу, Инна Ҳаџьымба уҳәа егь.
Апроект автор апоет Зарина Ҟаныҟәа лажәақәа рыла, уажәраанӡа афестиваль иалахәыз Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи ракәзар, сынтәа ирҭбаауп агеографиа, афестиваль иаднаԥхьалоит Адыгеиеи Ҟарачы-Черқьесиеи рҟынтәи апоетцәеи ажурналистцәеи.
Кавказ жәларқәа рыбжьара акультуратә еимадарақәа реиқәырхареи реизырҳареи аҵак ду шамоу азгәалҭеит лара.
Зарина Ҟаныҟәа лажәақәа рыла, афестиваль ихадоу ахәҭа Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны имҩаԥысуеит. Алахәылацәа аӡиа Риҵа иаҭаауеит цәыббра 17 рзы.
Афестиваль даҽа ҿыцрак алагалоуп- аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа Риҵа" алахәылацәа адипломқәа ранашьара. Авторцәа ҿарацәа Шьазина Бганбеи Абзагә  Ҟалӷьи адипломқәа ранашьан.
"Риҵа аҳауа ҽакуп, ацәаныррақәа ӷәӷәоуп, уаҟа ажәеинраалақәа ҽакала ҳрыԥхьоит",- иҳәеит апоет Владимир Занҭариа. Иара афестиваль аиҿкааҩ Зарина Ҟаныҟәа аԥсуа-адыга жәларқәа ркультура аӡыргаразы илбо аџьабаазы ҭабуп ҳәа леиҳәеит.
"Арифмақәа Риҵа" аартраҿы иқәгылоз зегьы иазгәарҭон Заур Налоев адыга литератураҿы илагала, аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи иареи реимадара ртәы.
Заур Налоев - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Аԥсны
Адунеи иақәлаз ашәҟәыҩҩы: Заурби Налоев диижьҭеи 95 шықәса ҵит
Аԥсышәала, адыга бызшәала, урысшәала ашәақәа нарыгӡеит ансамбль "Гәында". Раԥхьатәи афестиваль "Арифмақәа Риҵа" мҩаԥган 2018 шықәсазы. 2020 шықәсазы ковидтә ԥкрақәа ирхырҟьаны имҩаԥган онлаин.
Ажәабжьқәа зегьы
0