Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адунеи иақәлаз ашәҟәыҩҩы: Заурби Налоев диижьҭеи 95 шықәса ҵит

© Foto / Анатоли ЛагәлааЗаур Налоев
Заур Налоев - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 15 рзы Аҟабарда жәлар рышәҟәыҩҩы Заурби Налоев диижьҭеи 95 шықәса ҵуеит. Ашәҟәыҩҩ ду ибзиан дыздыруаз аԥсуа поет Геннади Аламиа диҿцәажәеит Анатоли Лагәлаа.
- Аԥсуа жәлар анкьаӡа аахыс аԥсадгьыл хазына анцәа ианриҭа, аҩызцәа бзиаӡақәагьы риҭеит. Аԥсуа есымша иԥсадгьыл аԥшӡара дахырҟьаны аӷацәа иоуан, аха убри аамҭазы, зхы-зыԥсы иқәызҵоз аҩызцәагьы рыжәҩахырқәа џаџаӡа иааивагылон. Убарҭ рахьтә сара есымша сыбла дыхгылоуп, иара иахьа дшыҟамгьы, ибжьы акаҩ-акаҩҳәа сгәы иқәыҩуеит, аҟабарда жәлар рышәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, алитератураҭҵааҩ, Аԥсны акультура аусзура зҽаԥсазтәыз, Адыга-Хасе аиҳабыс акыршықәса иҟаз, иара убасгьы, Ҟабарда-Балкариатәи Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс акырнтә иалырххьаз - Заурби Магомет-иԥа Налоев. Заурби акырнтә Аԥсны даахьан, уи аԥсуа жәлар зегьы иара иашьцәан, аха ҩызцәа гәакьацәас имаз раԥхьа игылан Баграт Шьынқәбеи, Алықьса Гогәуеи, Геннади Аламиеи.
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Аԥсны
Ҷлоу анаҳҳәо, Баграт ҳаҳауеит
Сара ахаан исхашҭуам Баграт Шьынқәба 75 шықәса ихыҵра аиубилеи аан, Ҷлоу ақыҭан инарҭбааӡан еиҿкааз аиубилеи аҿы Налоев иқәгылара. Уи иаҵаз агәбылра, агәхьаагара, аразра, ақьиара, ахӡыӡаара. Уи дцәажәан даналга, акыраамҭа анапеинҟьабжьқәа еиқәтәаӡомызт, ашәҟәыҩҩы асцена аанижьыр руӡомызт, рыблақәа ҭырхаха ихәаԥшуан хыԥхьаӡара рацәала еизаз ажәлар, аҷыҭыбжь гар руӡомызт иара данцәажәоз.
Иахьа сара сиацәажәоит, аԥсуаа зегь раҵкыс Налоев иашьас имаз, иара акыр дышиеиҵбызгьы, Ҟабарда ишьапы анналаиргылалак зцәа ианыруаз, арахь дышиашоу сыҩныҟа дысзаажәга ҳәа игәы хыҭхыҭуа дыззыԥшыз Геннади Аламиа.
- Геннади, дышԥоугәалашәо Налоев, раԥхьатәи шәеиқәшәара, шәеибабара, настәи шәеиҩызара (иҟалап уи ажәа ласцәазар), шәыиашьара уаҳзалацәажәар ҳҭахуп. Ирҳәоит, ус Аԥсни аԥсуааи бзиа избоз дмаҷын ҳәа…
- Ԥхынран. Нальчик, аҳәынҭқарратә музеи аҿаԥхьа ашәшьыраҿы исзыԥшны итәаз, Нарҭаа дуқәа дшырхылҵшьҭраз мҩашьахуа изнубалоз, ахаҵа дҩасхаҵгылан, сааигәыдиҳәҳәалеит. Убриаахысгьы ижәҩа сыҵакны сааигошәа ауп схы шызбо. Зыӡбахә саҳахьаз, ҵәатәышьаҟан адыга литература, акультура иаларсыз ауаҩы ҳаибабара раԥхьатәи ашәымҭа инаркны ахаан аахыс ҳаибадыруазшәа, ҳабзиеи ҳацәгьеи еиланы ҳааҟалеит. Уи џьашьатәӡамызт. Ҳажәларқәа зқьышықәсала иларҵоз аарыхра аамҭа ааит ауп. Заурби Ду ихылԥа ԥраал ашәшьыра сааҵаикын, Аԥсны иҟоузеи ҳәа акәымкәа, иҟаларызеи ҳәа дсазҵаауа иҿааихеит. Иаҳхысыз ашәышықәса ԥшьынҩажәи жәбатәи ашықәс азы ауп ҳанеиқәшәазгьы. Исымҳәар ауамызт ҳажәлар аамҭа хьанҭа ишҭадыргылаз уас, ҭахыс иаҳаԥхьаӡоз ҳгәылацәа. Избон исҳәоз аҵыхәтәанынӡа агәра изымго дшысзыӡырыҩуаз. "Ажәытәӡатәи акультура змоу ақырҭуа жәлар уаанӡа рхы наргарымызт!" ҳәагьы ныбжьаиршәит. Убасҟан ауп схаҿы ианааиз нхыҵкавказтәи ажәларқәа рхаҭарнакцәеи ақырҭуа делегациеи еиқәшәаны иаартны имеицәажәар ада ԥсыхәа шыҟамыз. Ақырҭцәа рхала рхы цәыррымгакәа, ҳара иаҳҳәо агәра ззымгоз "қарҭаа рааӡамҭацәа" рацәаҩын. Заур Налоевгьы аҵара ахьиҵоз, адиссертациа ахьихьчазгьы Қарҭ шакәыз здыруан. Дсықәшаҳаҭхеит убасеиԥш аиқәшәара иара Нальчик имҩаԥгазар шыбзиаз.
© Foto / Анатоли ЛагәлааЗаур Налоев
Заур Налоев - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Заур Налоев
Аҵыхәтәан ҳанеиԥырҵуаз Заурби даақәыԥсычҳан, ҿааиҭит: "Еҳ, сабиц, закә аамҭацәгьоузеи ҳазхаанхаз! Ажәытә акәзар, Аԥсны шәарҭак ааҟалар, аҟабардақәа еиқәных ашьхақәа ирхыҵны рашьцәа иаарывагылон. Убас акәын аԥсуаагьы рашьцәа рҿаԥхьа руалԥшьа анагӡара ишазхиаз. Ицеит уи афырхаҵара аамҭа, иахьа ҿыҭны азалымдара ҳзақәыӡбар, убригьы азхарашәа ҳбоит. Ҳаицәхҟьагәышьеит. Аԥсуааи адыгааи жәларкны иахьышьақәгылаз Аԥсны ауп. Нас рҽырҭбаан Кавказ рҽахьырыгӡеит. Дахьынтәаауа згәаламшәо иашьцәеи иареи рыжәҩахыр еиԥҟьар ауеит. Убри ауп арыцҳара!"
Налоев Заур уишам ҳәа игәаӷьны иазҳәахьаз сара аӡәк сакәзар ҟалап. Абри ҳаиқәшәара ашьҭахь хара имгакәа Аԥсны аҭагылазаашьа зынӡа ианыуадаҩха, гәыԥҩык аҟабарда ҷкәынцәа ашьха ихыҵны,зыҽзырхагахьаз ашәанцәа, ҳара ҳаԥшыхәцәоуп, Аԥсны иҟоу шыҟаҵәҟьоу аилкаараз ҳаарышьҭит, иаҭаххозар зықьҩыла аԥсуаа рыдгылара иазхиоу адыгаа ажәабжь иаша рызнаҳгароуп ҳәа раҳәаны, ажәлар ирылсны сқыҭа Кәтол инеит. Убраҟоуп саб сыҷкәынцәа шәырхыԥхьаӡалоуп ҳәа ахьреиҳәазгьы. Абри ашьҭахь Заурбии сареи Нальчик ҳанеиқәшәа ауп, игәаӷьны, агха ухьит, ажәытә адыгцәа ирыҵкару арԥарцәа рабдуцәа рымҩала Аԥснынӡа инаӡеит ҳәа аниасҳәа. Уи дшыҟалаз ҿык-бзык ала ҳәашьа амаӡам. "Ҳазшаз иџьшьоуп, ҳаиқәхозаап убама!" - иҳәан, илаӷырӡқәа аахаддылт. Усҟан хыхь зыӡбахә сҳәаз аиқәшәарагьы мҩаԥысхьан. Аԥсны жәлар рфорум еиҿнакааит Қырҭтәыла жәлар рфронт анапхгаҩы апрофессор Наҭаӡе хадас дызмаз аделегациа Нальчик инеиртә еиԥш. Аизара иалахәын аԥсуа, ашаԥсыӷ, адыгьа, ачерқьес, аҟабарда, ачечен, ауаԥс жәларқәа рхаҭарнакцәа. Аԥсны усҟан раԥхьатәи аидысларақәагьы ҟалахьан. Ишырцәаҩоу еиԥш, аӷәра аанкыланы аизара мҩаԥигарц иалагаз Наҭаӡе иҭыԥаҿ днадыртәан, аԥшәмацәа ацәажәара хыртит. Уаҩы дызмыхәоз ақырҭцәа ракәын. Урҭ еизаз ирзеиҭарҳәеит, Аԥсны акәым, Шәача инаркны Краснодарнӡа ақырҭцәа рыда уаҩы дышнымхоз, дынхарангьы дшыҟам. Асеиԥш зхы цәырызгаз урҭ ауаа ирыхәҭаз раҳаит. Ишыҟарҵац еиԥш, игәааны идәылҵны ианцоз, Наҭаӡе иаанхоз "ргәырҽаниҵеит" аԥсуаа рҭыԥ иқәыртәамзар ашьа ӷәӷәа кадыршраны ишыҟоу. Згәы ԥыжәжәоз аҷкәынцәа урҭ ирышьҭаларц ианалага Налоев Заурби дҩагылан, изеиԥшразаалак, асасцәа сасцәоуп, урҭ ҳадгьыл аҳәаа ихыҵаанӡа рхахә хәыцкгьы алымшәароуп, уинахыс ирыхәҭоу ишәзақәыршәозар шәхы шәақәиҭуп, иҳәан, иааникылеит. Нас сара сахь ихы наирхан, саҭоумҵан, Гена, аԥхьатәи ҳаиқәшәараан иуҳәоз зегьы агәра ахьысзымгаз, шьҭа лабҿаба иаҳбеит зыҟны аус шәымоу зусҭцәоу! - иҳәан, днатәеит. Абасеиԥш аиқәшәара ҵакыс иамазгьы абри акәын.
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Заԥсуара иазгәдууз ашәҟәыҩҩы: Никәала Ҳашыг диижьҭеи 91 шықәса ҵит
- Аԥсны аибашьра ианалага, раԥхьа амцеиԥш изыхҟьаз, уинахысгьы нкылашьа рымамкәа еибашьра идәықәлаз нхыҵаа ҳашьцәа иреиуоуп аҟабардақәа. Налоев уи аусԥшьаҿы даара иажәа акраанагон, изхәыцуан, игәы иҭаз рдыруан, иажәа иҿыҵшәаанӡа анагӡара иалагон…
- Ирацәаҩуп, ирацәаҩӡоуп рашьцәа аԥсуаа ирывагыларц ихиаз аҟабарда арԥарцәа реиҿкаара аџьабаа ду адызбалаз ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵарауаа, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа. Урҭ рыӡбахә ҳәатәуп, иҳәалатәуп. Ари аусԥшьаҿ Налоев Заурби, ииашаҵәҟьаны иажәа акраанагон, изхәыцуан. Исгәалашәоит, Аԥсны дҭаханы иааргаз Ибрагим Науржанов иан Заур аԥсраҿы дахьнеиз иалҳәаз ажәақәа: "Харак ухы иадумҵан, Заурби. Сара сыҷкәын ԥсадгьылк акәын имаз, ахаан иимбацыз Аԥсны ихы ақәҵан ҽа ԥсадгьылк ирҳаит. Уи сгәы иладууп!" Ас еиԥш ажәақәа ес-иҭахоз ирыцҭахоз аҟабарда Ҭаҳамада изы ԥсҭаҵаган.
Вечер памяти Ивана Папаскир - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2022
Аԥсны
Миллионла аԥхьаҩцәа змаз аԥсуа шәҟәыҩҩы: Иван Папасқьыр 120 шықәса ихыҵра иазкны
- Геннади, уара Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҿы иҟоуҵаз аимадарақәа ртәы алацәажәара даара ихьанҭоуп, хаха-хымшгьы азымхар ҟалап. Аха иахьа аҟабарда шәҟәыҩҩы Налоев икәшамыкәша угәалашәарақәа еиҳа ҳарзыԥшуп, избанзар, иареи уареи шәеизааигәаӡан, иаахтны иаҳҳәап, уара уаҟара дыздыруазгьы, деилызкаауазгьы дмаҷын.
- Заури сареи ҳаизыҟазаашьақәа агәалашәарахь изиасӡом - уи Ԥсҭазаароуп. Саазқәылаз Нальчикҟа лассы-ласс сышзымцогьы, снеицыԥхьаӡа дахьжу сиҭаауеит, ҳаицәажәоит, иара иахь зҵаарашәк исымоу рахьынтә зҵааракгьы аҭак смоукәа сымхынҳәӡацт. Ус иҟоуп, ус иагьынхоит. Ашьа агәалашәара иалиааз ҳара ҳгәеизыбылра ҿыцәара ақәӡам. Исызкны ииҳәахьаз, ииҩхьаз рацәан. Хәы змаӡам ҳамҭан исзыҟалеит "Сара сыбжьы Гена исҭоит!" ҳәа исзикыз астатиа, исыхьӡыниҩылаз ажәеинраала "Гәымсҭа". Исгәалашәоит, аибашьра ашьҭахь, ажәлари, Владислав Арӡынбеи, егьырҭ аҳәынҭқарра анапхгаҩцәеи злахәыз амитинг аҟны ихәҭаз ҳәаны Заурби Налоев ажәа анисҭа: "Сара сзы хыхь Аллаҳ дыҟоуп, ҵаҟа – Гена Аламиа!" ҳәа ииҳәаз. Сара саԥсоуп ҳәа акәымкәа изҳәаз Ауаҩ Ду иаҳаҭыраз ишсыдкылатәыз исыдыскылеит арҭ ажәақәа.
© Foto / из архива Геннади АламиаЗаураб Налоеви Владислав Арӡынбеи. Декабрь, 1998 шықәса.
Заураб Налоеви Владислав Арӡынбеи. Декабрь, 1998 шықәса. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Заураб Налоеви Владислав Арӡынбеи. Декабрь, 1998 шықәса.
- Налоев ижәлар мацара ракәымкәа, Нхыҵ Кавказ зегьы гәыбылрала изыҟан, шәҟәыҩҩык иаҳасабалагьы, Каказ аԥа иашак иаҳасабалагьы ҳаҭыр ду иқәын. Уи иҩымҭақәа урҭ рбызшәақәа рахь еиҭаргахьазма, ирылаҵәахьазма?
- Асабицәа инадыркны абыргцәа рҟынӡа, доусы рықәра даԥшны ижәлар ирзишеит ажәа хьыршәыгәқәа, апоезиа, апроза, аҭоурых, алитература, аҟазараҭҵаара ирызку ижәлар рдоуҳатә беиара нҭырҳәцааны иаазырԥшуа аусумҭақәа. Еиҭагамкәа, урҭ зегьы ирылхәдоу ажәларқәа рыцҳасшьоит сҳәар саҭарҵарым ҳәа сыҟоуп.
- Сара исаҳаит Баграти иареи реизааигәатәра уара уоуп изыбзоуроу, уџьабаа ду адуп ҳәа. Уинахыс Арӡынбагьы иаргьы еибаурдырит, еиқәшәартә иҟауҵеит! Уара ихуҵаз "ацҳақәа" Нхыҵ-кавказааи ҳареи ҳаимадараҿы ахә шәашьа амаӡам, згәаҵәа акреилнарго зегьы ахаангьы ирхашҭӡом… Урҭгьы шмаҷҩым удыруазааит…
- Абзиарақәа уаҳалааит, аха Баграт Шьынқәбеи Налоев Заури реизааигәатәра сара исыбзоуроуп ҳәа схахьы изгараны сыҟаӡам. Урҭ еибадыруеижьҭеи акрааҵуан ҩымҭала, еиҩызарыла. Ҩ-хра еилаҭәахрак реиԥш наҟ-ааҟ еиҿаԥшуан, рыгәқәа ҭибагон, аӡәы иаҳаракыра егьи изы цәымзаркыран. Б. Шьынқәба Ҟабардаҟа ицара аиҿкааҩцәа сыруаӡәыкны, З. Налоеви егьырҭ ҳҩызцәеи ирыбзоураны Ҟабарда-Балкариа жәлар рышәҟәыҩҩы ҳәа ахьӡ ихҵан Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба. Аибашьраан уи Москвантәи Ҟабардаҟа ииасра азҵаара сыцзыӡбыз зегьы раԥхьа игылоу Налоев Заур иоуп. Издыруан урҭ рыжәҩахыр еибыҭаны Аԥсны азыҳәан ҽаӡәы илымшаша рылдыршараны ишыҟаз. Ус иагьыҟалеит.
Алықьса Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2022
Аԥсны
Зыжәлар ргәы ҿызкааз апоет: Алықьса Лашәриа игәалашәараз
- Налоев иҿаԥхьа ҳаԥсуа литераторцәа ауал ду ҳақәуп, сара иахьынӡаздыруа уи ирҿиамҭақәа макьана еиҭаганы иҳамаӡам… Аха агәра згоит, уи агха ду ариашара шҳалшо хара имгакәа…Геннади, иахьа Налоев ԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 95 шықәса ихыҵуазаарын. Сара усазҵаауазар, ус еиԥш иҟоу ауаа дуқәа дара аниаслак ашьҭахьгьы, акыршықәса рыԥсы ҭазаауеит рыжәлар рҿы, иашьарала ирзааигәоу амилаҭқәа рҿы. Избанзар, урҭ инрыжьыз "асаранџь" хааӡа абиԥарақәа ргәы иқәзаауеит, иархәыцлоит, иаргәырӷьалоит, иаргәырҩалоит… Ус анакәха, урҭ ахаан имԥсуа, зхы лазмырҟәуа ҳашьхақәа реиԥш, раҳаракыреи рыуаҩреи ҳгәы шьҭыхуа иҳацзаауеит…
- "…Уԥсҭазаара шықәсыла иумшәан!" ҳәа иҩуан ԥсра зқәым Дырмит Гәлиа. Саргьы исҭахӡам издыруазарц Заурби Налоев диижьҭеи шаҟа шықәса ҵуа. Уи адунеи дақәлоуп ҳәа ауп издыруа.
…Зны иҩны сдәылҵымҭаз, аҭӡаҿы икыдыз исахьа сылаԥш шадхалаз гәеиҭан, иаакыдхны, ари уара уҩны еиҳа иаҭыԥуп иҳәан, снапы инаиркит. Иҟаиҵаз шылгәамԥхаз аазныԥшыз иԥҳәыс, сара ара сыҟами, ссахьа абабҭаху, иҳәарашәа дналыхәаԥшит. Дукгьы мҵит, иаргьы дцеит иуада дындәылҵны, адунеи данымзи, уахьгьы арахьгьы дырзымхар ҳәа ушәозма?! Икыдуп уи баҩхатәрала иҭыху исахьа суадаҿы, иааҳаракны, хыхьынтә дысхылаԥшларц, мышкгьы мцац иареи сареи ҳаамеицәажәацкәа. Убраагь иара диашан есымшеиԥш.
Ажәабжьқәа зегьы
0