Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӷба "Князь Владимир" ала 1 700-ҩык рҟынӡа атуристцәа Аԥсны иаҭаахьеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Прибытие круизного лайнера Князь Владимир в Сухумский порт
Прибытие круизного лайнера Князь Владимир в Сухумский порт - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Анапаҵаҩра
Рашәарамзазы Шәачантәи Аԥсныҟа ахырхарҭа ҿыц "Шәача-Аҟәа-Шәача" аартын.
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. 1700-ҩык инарзынаԥшуа атуристцәа Аԥсны иаҭааит аӷба "Князь Владимир" ала 2023 шықәса рашәарамзаахыс ҳәа рҳәеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи апресс-маҵзураҿы.

"Рашәарамза инаркны цәыббрамзанӡа амшынла ахырхарҭа ҿыц аартуижьеи аҳазалхратә гәаҭара иахысит 1700-ҩык атуристцәеи 800-ҩык аӷба аекипаж алахәылацәеи ", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иахьатәи аамҭазы Шәачатәи амшынбаӷәазаҟынтә ибжьоуп аӷба дуқәа ҩба - Astoria Grande Ҭырқәтәыла амшынԥшаҳәахь иныҟәо, урыстәылатәи "Князь Владимир".
2022 шықәса иаҿырԥшны жәларбжьаратәи акруизтә ныҟәарақәа мҩаԥызго апассаџьырцәа рныҟәгара мшаԥымза инаркны цәыббрамзанӡа иацлеит 1,5 еиҳаны.
Прибытие круизного лайнера Князь Владимир в Сухумский порт - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2023
Аԥсны
"Князь Владимир" Аҟәа аҟазаара аамҭа даҽа ҩымш ацырҵоит
Мшаԥымза инаркны цәыббрамзанӡа аӷба Astoria Grande ала Ҭырқәтәылаҟа рныҟәара еиҿыркааит 30 000-ҩык апассаџьырцәеи 18 000-ҩык аӷба аекипажи (48 000-ҩык ахатәхаҿқәа).
Шәачатәи амшынбаӷәаза ргылан 1934 шықәсазы. Абаӷәаза асқьалақәа ҩба рыла еиҿкаауп, азеиԥш аура 730 метра ыҟоуп. Жәларбжьаратәи атерминал иалшоит 1,2 нызқьҩык роушьҭра. Абаӷәаза аиҭашьақәыргылара акурорт ауснагӡа хада иалаҵахоит.
Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи аҳазалхырҭатә ҭыԥ Шәача абаӷәазаҿы иҟоуп. 2023 шықәса раахыс аҳазалхырҭа ахылаԥшра иахрыжьит 34 нызқьҩык апассаџьырцәа, игәарҭеит 140 ӷба.
Ажәабжьқәа зегьы
0