Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Чхамалиа ауниверситет аҟны аҵарашықәс ҿыц иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Чхамалиа ауниверситет аҟны аҵарашықәс ҿыц иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет сынтәа астудентцәа шаҟаҩы аднакылаз, еиҳа азҿлымҳара зауз азанааҭқәа, абитуриентцәа ахьмаҷхаз ахырхарҭақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.
Сынтәа ауниверситет аҟны имҩаԥгаз адкыларатә ԥышәарақәа рылҵшәақәа рыла 630- ҩык актәи акурс ахь ирыдыркылеит. Урҭ рахьынтә 243-ҩык аҳәынҭқарра аҿаҵаԥҟала, 387- ҩык аҵара ахәԥса ахшәаарала.
Иреиҳау аҵара аҩбатәи азанааҭ заурц зҭаху, арҭ амшқәа рзы ауниверситет аҟны ашәҟәқәа аларҵар рылшоит азиндырреи апсихологиеи ахырхарҭақәа рыла ҳәа адырра ҟаиҵеит Чхамалиа.
"Уахь инеирц зҭаху рдокументқәа рыманы иадҵаалар рылшоит амза 25 рҟынӡа", - иҳәеит Чхамалиа.
Сынтәа абитуриентцәа здымҵаалаз азанааҭқәеи ахырхаҭақәеи иреиуоуп ахимиа, адаптивтә бҩарҵәыра, актиортә ҟазара иҳәеит Чхамалиа.
"Адаптивтә бҩарҵәыра ахырхарҭахь инеит 10-ҩык рҟынӡа, аха аԥышәарақәа иахьырхысуаз, рылшарақәеи рдыррақәеи даара иахьылаҟәыз иахҟьаны уи (акурс аартра-азгәаҭа) залыршамхеит", - иҳәеит Чхамалиа.
Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭаларазы азыҟаҵаратә школ аҟны зҵара аҩаӡара еиззырҳарц зҭаху жьҭаарамзазы ашәҟәқәа аларҵоит. Азыҟаҵаратә школ аус ауеит ауниверситет аҩбатәи аихагылаҟны.
"Октиабр нҵәаанӡа арзаҳалқәа аларҵоит, иадҵаалоит. Анаҩс аҵаразы агәыԥқәа шьақәдыргылоит, иарбан занааҭқәоу досу иахьнеиуа. Сымҩашьозар ноиабр 1 шыҟоу иалагоит аҵара азыҟаҵаратә процесс, имҩаԥысуеит ииуль азбжанӡа. Уа ауниверситет аҭаларазы ишьақәырӷәӷәоу апрограммала азыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Мызкы 9-нызқь мааҭ рҟынӡа артәоит. Уи маҭәарк акәымкәа, изҭало азанааҭ иаҵанакуа амаҭәарқәа зегь рыла азыҟаҵара бзиа роуеит. Аҽазыҟаҵарақәа реихшынҵа шьақәдыргылоит ашкол аҟны аҵара иаԥырхагамхо. Азыҟаҵарақәа ианрылгалак ашьҭахь Аҟәа ақалақь аҩнуҵаҟа имҩанызго атранспортгьы ыҟоуп", - иҳәеит Чхамалиа.
Иара убасгьы дазааҭгылеит ауниверситет азеиԥшнхраҭа азҵаарагьы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0