Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа уахыкала 16 хеҵаҵақәа шьақәнарҟьеит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОфицеры полка противовоздушной обороны вооруженных сил РФ. Архивное фото
Офицеры полка противовоздушной обороны вооруженных сил РФ. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2023
Анапаҵаҩра
Иара убасгьы, аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам аӷа ихархәагақәа 38, аҳаирплпн Су-25.
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа уахыкала ишьақәнарҟьеит аицҭырҟьаратә система HIMARS, "Ураган" ахеиҵаҵақәа 16, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи 137 раион рҿы иҭадырхеит аруааи атехникеи. Иқәыцҟьаауп украинатәи 57-тәи амотошьаҟартәи 35-тәи амшын шьаҟатә бригадақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа, х-бригадак рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 20-ҩык аррамаҵзурауаа, ҩ-автомашьынак, агаубицқәа Д-20, Д-30. Херсонтәи ахырхарҭаҿ - 25-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-машьынак, артиллериатә шьақәгылақәа М777 ҩба.
Донецктәи ахырхарҭала Киев уахыи-ҽнаки рыла 225-ҩык рҟынӡа аруаа рыла ацәыӡқәа аиуит. Иара убас иҭархоуп аибашьыгатә машьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла "Krab", артиллериатә шьақәгылақәа М777 ҩба, ахаланыҟәаратә гаубица "Гвоздика".
Запорожиетәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 175-ҩык асолдаҭцәа, атанкқәа ҩба, аибашьыгатә акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ҩба, ахаланыҟәаратә артиллериатә шьақәгыла "Krab" - ҩба, артиллериатә системақәа М777, агаубицақәа Д-30, Д-20.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан УАМ амеханизациа зызу 63-тәи, 67-тәи абриагадақәа ржәылара, иҭархан 65-ҩык рҟынӡа аруаа, аибашьыгатә акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба, агаубица Д-20.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿ иҭархан 155-ҩык асолдаҭцәа, х-кәылӡмашьынак, автомашьынақәа хәба, иара убас агаубица "Мста-Б".
Ажәабжьқәа зегьы
0