Урыстәыла

Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ашьха Ҟарабах зықьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа алыргеит

© Sputnik / Valeriy Melnikov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМужчина в поселке Карегах
Мужчина в поселке Карегах - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2023
Анапаҵаҩра
Азербаиџьан "аконституциатә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылараз" аоперациа иалагеит Ашьха Ҟарабах цәыббра 19 рзы.
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ашьха Ҟарабах иеиҳа ишәарҭоу аҭыԥқәа рҟынтәи 1049-ҩык ахәыҷқәа алыргеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Зынӡа 2000-ҩык рҟынӡа ауаа алгоуп, урҭ рҟынтәи 1049-ҩык хәыҷқәоуп. Иалгоу зегьы аамҭала иахьыҟазааша аҭыԥқәа рзырхиоуп, фатәыла-жәтәыла еиқәыршәоуп. Уи адагьы ахәрақәа змоу ауааԥсыра амедицинатә отриад аҟазауаа ацхыраара рырҭеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҭынчреиҿкааҩцәа рнапынҵақәа нарыгӡоит Ашьха Ҟарабах иахьаҵанакуа. Аусбарҭа аҳәамҭаҿ иазгәарҭеит цәыббра 19 асааҭ 12:00 инаркны ахымца аанкылара арежим аилагарақәа шыҟаз азербаиџьантәи аганахьала.
Азербаиџьан атәылахьчара аминистрра адыррала, ауснагӡатә хықәкыс иамоуп: ҟарабахтәи араион аҿы мҽхакыҭбаала апровокациақәа рымҩаԥгара раԥырҟәҟәаара, Ермантәыла арбџьармчқәа, урҭ рырратә инфраструктура арҭ аҵакырақәа ралгара, зых иақәиҭтәу аҵакырақәа рахь игьежьыз аҭынч уааԥсыра ршәарҭадара аиҿкаара.
Рҭыԥ иахыгахоит Ермантәыла арбџьармчқәа рпозициақәа, урҭ акраамҭатәи рхысырҭа ҭыԥқәа, арратә ҟазшьа змоу аобиектқәа. Аҭынч уааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рыҭахом ҳәа аҳәоит аминистрра аҳәамҭа.
Ҳагба: Азеирбаџьан Ашьха Ҟарабах рнапахьы иаарганӡа иаангылараны иҟаӡам - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2023
Арадио
Ҳагба: Азеирбаџьан Ашьха Ҟарабах рнапахьы иаарганӡа иаангылараны иҟаӡам
Ажәабжьқәа зегьы
0