Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ԥсҳәы ақыҭаҿы ԥшьынҩажәаҩык рҟынӡа адиспансеризациа иахысит

© Foto / ВААКДиспансеризация в селе Псху
Диспансеризация в селе Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Анапаҵаҩра
Ԥсҳәы ақыҭа ауааԥсыра ргәабзиара гәарҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Агәабзиарахьчара аминистрреи еицымҩаԥырго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥсҳәы ԥшьынҩажәаҩык рҟынӡа ақыҭауаа адиспансеризациа иахысит, ари арбагақәа анхаҩцәа рхыԥхьаӡара абжоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагԥҳа.
"АААК уаанӡа ақыҭақәа рҿы адиспансеризациа мҩаԥнагон арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рзы, аха Ԥсҳәы азы иӡбан ҽакала азнеишьа, ақыҭауаа арахь рылбаара ахьыуадаҩу азы. Убри азы адуцәагьы ахәыҷқәагьы амедицинатә гәаҭара иахыжьын", - лҳәеит лара.
Амедицинатә пункт ахь изымнеиуаз абыргцәа рыҩныҟақәа аҳақьымцәа УЗИ, ЕКГ аппаратқәа рыманы инеиуан, рҭагылазаашьа ҭырҵаауан.
Школа в селе Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2023
Аԥсны
Ашьхақыҭа Ԥсҳәы ауааԥсыра амедицинатә гәаҭара иахысуеит
"Акардиолог Инга Ԥиԥиаԥҳа аҭыԥ аҿы иралҳәон иҟарҵаша, иаҭахызар ихарҭәаау агәаҭарақәа алырбон. Аҳақьым-ендокринолог Нана Аргәынԥҳагьы аҭыԥаҟны иаразнак рыхәшәтәразы асхема рыдылгалон. Агинеколог Оксана Чытанааԥҳа аҳәса уаанӡа ргәабзиара иаԥырхагамыз ачымазарақәа рыдылбалеит", - лҳәоит Ҳагԥҳа.
Лара иазгәалҭеит иуадаҩыз чмазара шазгәаҭамыз, аха аӡы аҿы ихьанҭоу аметаллқәа ахьыҟоу азы хәыҷи-дуи рхаԥыцқәа апроблемақәа шрымоу.
"Агәыԥ далан ахаԥыцхәышәтәҩы Лев Амҷба, уи аҭыԥ аҿы ауаа рхаԥыцқәа ихәышәтәуан ", - лҳәеит Ҳаӷԥҳа.
Игәаҭаз ахәыҷқәа реиҳарак ргәы бзиоуп.
"Ахәыҷқәа аиҳарак рхаԥыцқәа рыпроблема ыҟоуп. Иара убасгьы агаджетқәа раамҭазы ицәырҵит алабара апроблема, ареабилитологцәа иазгәарҭоит ашьапашҵаҩызара, арентген иаҳнарбоит абӷашша апроблемақәа. Ари ишьақәнарӷәӷәоит ахәыҷқәа шыхәыҷу азхьаԥшра шрыҭалатәу", - лҳәоит Изольда Ҳагԥҳа.
Амҷба ашколхәыҷқәа ргәабзиара аҭҵааразы: Џьгьарда уи ажәабжь гәахәарыла ирыдыркылеит  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2023
Арадио
Амҷба ашколхәыҷқәа ргәабзиара аҭҵааразы: Џьгьарда уи ажәабжь гәахәарыла ирыдыркылеит
Раԥхьаӡакәны Ԥсҳәыҟа ихагалан УЗИ, ЕКГ аппаратқәа, еиҭарго арентгенодиагностиатә комплекс.
"Аҳақьымцәа аҭыԥ аҿы аҭҵаарақәа мҩаԥганы аҽыхәышәтәразы арбарақәа ҟарҵон, анализқәа анаҩс Аҟәаҟа иааганы агәаҭара иахрыжьуеит. Ҳара арахь ҳанаауаз аҳаирплан ала даагеит зыла ԥҟатәыз аԥҳәыс", - еиҭалҳәоит лара.
Аҟәа ари аԥҳәыс длыдылкылеит аофтальмолог Анна Ақаҩԥҳа. Уи аԥҟара иаҭахыз ахарџьқәа зегьылхахьы илгеит. Агәабзиарахьчара аминистрра акәзар иахәҭаны иҟаз ахәшәқәа хәыдаԥсада илызнаргеит.
Изольда Ҳагԥҳа илҳәеит апроект аиҿкааҩцәа рыпланқәа рыла адиспансеризациа мҩаԥгахоит 2023 шықәса нҵәаанӡа.
Апроект мҩаԥнагоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, Агәабзиарахьчара аминистрреи Аҵара аминистрреи рыцхыраарала. Апроект хацыркын 2023 шықәса хәажәкырамзазы. Уи аамҭа иалагӡаны ргәабзиара ҭҵаауп 718-ҩык, урҭ рахьтә 605-ҩык школхәыҷқәоуп, 113-ҩык рҵаҩцәоуп.
Ԥсҳәы ақыҭаҿтәи адиспансеризациа иалахәын: акардиолог Инга Ԥиԥиаԥҳа, амедиеҳәшьа Ева Нарманиаԥҳа, арентгенолог Аслан Берзениа, ахаԥыцхәышәтәҩы Лев Амҷба, агинеколог Оксана Чытанааԥҳа, ахәыҷтәы хирург Зита Апԥҳа, аневропатолог Фатима Сангәлиаԥҳа, аендокринолог Нана Аргәынԥҳа, аофтальмолог Анна Ақаҩԥҳа, амедиеҳәшьа Мадина Царгәышԥҳа, ауролог Давид Смыр, атерапевт Андреи Ҭыжәба, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ИЕПиТ аусзуҩцәа Фаина Горухчиевеи Ҳамида Ҭраԥшьԥҳаи.
Ажәабжьқәа зегьы
0