Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алахьынҵа бзиа зцымныҟәаз апоет: Витали Амаршьан игәалашәара иазкны

© Foto / из личного архива семьи АджбаВиталий Амаршан
Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2023
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 22, 1941 шықәсазы диит Аԥсны Жәлар рпоет, апрозаик, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡареи занашьаз Витали Амаршьан. Уи игәалашәара иазку анҵамҭа ҳадигалоит Анатоли Лагәлаа ианҵамҭаҿы.
Ҳаԥсуа литератураҿы зхы-зыԥсы ақәҵаны злитературатә ус, зышәҟәыҩҩра иаҿыз апоетцәа рыӡбахә анаҳҳәо, урҭ рыгәҭа дҳаргылоит Аԥсны жәлар рпоет Витали Амаршьан.
Витали данҩыҵшәа инаркны ихы-иԥсы зегьы аҭаны арҿиаратә усура далагеит, дбаӷьаӡа даарылагылеит ҳаԥсуа литература иаҵәатәышьаҟаз апоетцәа дуқәа. Апоет ирҿиаратә мҩа уананыԥшыло, иумҳәар залшаӡом, абри ауаҩ, абриаҟара аамҭа аҭагәҭасра иԥнашәаз, дхәымжәакәа, абарсҟак ԥсра-ӡра зқәым арҿиамҭақәа злаԥиҵеи ҳәа. Урҭ иаԥиҵаз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп шамахак алитератураҿы иаԥҵоу ажанрқәа зегьы, адраматургиа ада.
Апоет иара иԥсҭазаара зегьы драман, трагедиан, еибарххаран, еибафаран, еиҳараӡакгьы хынҩеижәашықәса данырҭыс инаркны. Уи даныӷәӷәаз, данхатәраз, агәырҩақәа зегьы ихьӡаанӡа, иаԥиҵеит ироманқәа "Мрагыларахь зҿы хаз акәасқьа" уҳәа иахьа ҳлитератураҿы ҳазлаҽхәо арҿиамҭа бзиақәа.
Сара иахьатәи сыстатиа кьаҿ аҿы сыззааҭгыларц исҭаху апоет аибашьраан игәырҩа дуи ичҳара ӷәӷәеи ирхылҵыз сара иалыскааз иажәеинраалақәа рыхәҭак роуп.

Витали Амаршьан иҷкәын заҵә ажәылараҿ ӷәӷәала дырхәит ҳәа аниарҳәа, азныказ ахаҳә даҩызахеит, ииҳәашаз изымдыруа дықәхеит, избанзар, уи убриаҟара дақәгәыӷуан иҷкәын иҩызцәеи иареи еибганы изааӡаз Аҟәа иалалоит ҳәа, раԥхьа ҳақалақь аагеит ҳәа агәырӷьаҿҳәаша аазгоз рыгәҭа дрылагылан даауан ҳәа дгәыӷуан иара иҷкәынгьы... Аха, анцәа даҽакала иҭаххеит, аб игәыӷра ааирҳәит...

Сара ибзиаӡан исгәалашәоит усҟан аибашьраан Виталии сареи Гәдауҭа ҳанааиқәшәалак ҳашзеидымҵуаз, иаҳҭахын иҷкәын Беслан иӡбахә иҵегь иаҳҳәаларц, дышҭахаз агәра ҳамгарц, уи жәылара ицоз аҷкәынцәа рыгәҭаҵәҟьа дышрылагылаз, аӷа иҿы днеины, дырҭаслымны иабџьар шимихуаз, нас зынӡа уаҩ димыхәо, аӡәы дизаанымкыло аибашьра дшалагоз...
Усҟан Арӡынба аусԥҟа ҭижьхьан азаҵәқәа ишрыламкьысуаз, аибашьра ишырымгоз, Беслан уи зынӡа ихахьы иааигозма, "ҳара ҳаҩнқәа рҿы ҳаштәоу, аӷа ҳашәхымс даахыҵыр, хьаас имоума ҳҭаацәа, ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, ҳала ишабо иԥыххааса иқәиҵоит, нас изысҭахуи сара еиқәсырхо сыԥсҭазаара?!"
Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2021
Зхьаа згәалақәа ацәызҳәаз апоет: Витали Амаршьан игәалашәара иазкны
Исгәалашәоит, Витали иҷкәын ибаҩқәа аниоу, азныказ зныкԥсра дыԥсит, дхаҳәхеит, аха нас хәыҷы-хәыҷла игәырҩа иҽацәигеит, еиқәхаз, анцәа дызмаз аҷкәынцәа Аԥсны ус аӷа иширымҭоз агәра игон... Урҭ абжаҩык абџьар шыркымызгьы, жәылара ицон, убриаҟара агәра ргон рыԥсадгьыл аӷа ишимпыҵырхуаз, ишдырхынҳәуаз, рҩызцәа гәакьақәа ршьа шыруаз...
Аб иҷкәын заҵә иҟамзаара далаӡагәышьр акәын, иҽирыӷәӷәар акәын, иҷкәын иҭыԥаҿ иилар акәын уи иҩызцәеи, ҳажәлари ргәы шьҭызхшаз, аиааирахь ирыԥхьашаз, аибашьра иахылҵуаз арҿиамҭақәа, ажәеинраалақәа...Избанзар, иара дпоетын, ижәлар деицырдырхьан, ибжьы аӷьеиҩҳәа игалар акәын...Абар, аибашьра ианасакьаҳәымҭаз, 1992 шықәсазы апоет "Адунеи иадыруаз" захьӡу иажәеинраала ацыԥҵәахаҿы ииҳәо:
Санқәыԥшыз аахыс сызҿыз гәҭахәыцран,
Хьаас исыман ҳ-Аԥсынра…
Сааигон сыхьчо Анцәа дсыцхраан,
Акырынтә сахирԥахьан аԥсра.
Уажә иамугәышьеит - исыцрасит,
Сыԥсы схыхны исцәагеит.
Иҿахҵәеит сыԥсҭазаара, иаанҿасит,
Сҭыԥ сахымсуа сгәырҩауеит…
Абас ацәгьа сыжәлар гәыраз,
Иуаӷеимшхаран ирзаазгаз.
Хҿыхшьа рымҭо абра сгылаз,
Ахаан ихамышҭуа знык сызбаз…
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2018
Урҭ рыԥсқәа иҳацрымшәо иҳацуп
Уажәы маҷк ҳаныԥшылап апоет инысымҩа, уи узымдыруазар, иара иаԥиҵаз арҿиамҭақәагьы узрылацәажәаӡом, иара ихаҭа шәҟәыҩҩык иаҳасабалагьы иеилкаара уцәыуадаҩхоит:
Аԥсны жәлар рпоет, апрозаик Амаршьан Витали Џьота-иԥа диит Аԥсны, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа цәыббра 22 1941 шықәса рзы, иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 24 2020 шықәса рзы. Иара СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи (1999) дырлахәылан, ашьҭахь – Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа (2003) далахәылан. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ (2015) ҳәа ахьӡ ихҵан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡареи ианашьан. Дыҩуан аԥсышәала.
Акыр заа иаб диԥхеит (1943 ш.). Витали, иара убас иашьцәа еиҵбацәа Валерии Артури рани ран лаҳәшьеи ирааӡеит. В. Амаршьан далгеит Џьгьардатәи абжьаратәи ашкол (1959). 1962 ш. нахыс А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны аҵара иҵон. 1965 ш. иҵара ааныжьны А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт дҭалоит. Иҵара хиркәшоит 1970 шықәсазы. Алитинститут аҟны апоетикатә ҟазара амаӡақәа аҵихуан еицырдыруа аурыс поет, алитератураҭҵааҩ С.С. Наровчатов напхгаҩыс дызмаз асеминар аҟны. Аҵара еицырҵон, иагьеиҩызцәан иналукааша аурыс поет Иури Кузнецови иареи. Аус иухьеит ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс, ашьҭахь аредактор хада ихаҭыԥуаҩс, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа амаӡаныҟәгаҩс.
Аԥсны жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат Витали Амаршьан. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2016
Анзор Мықәба: Витали Амаршьан ажәа дазҟазоуп
В. Амаршьан заа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит. Раԥхьатәи иҩымҭақәа кьыԥхьын 1962 шықәсазы агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны") аҟны, уинахыс - ажурнал "Алашара" (№4) аҟны. Раԥхьатәи иажәабжьқәагьы кьыԥхьын "Алашара" адаҟьақәа рҟны (1966). Апоет ҿа ишьақәгылараҿы акырӡа абзоуроуп Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба рырҿиара, иара убас аурыс классикцәа: А. С. Пушкин, М. И. Лермонтов уҳәа рҩымҭақәа. Иҩымҭақәа рнылахьеит иара убас ажурнал "Амцабз", "Аҟәа-Сухум", агазеҭқәа "Аԥсны", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа", "Правда", "Известия", "Литературная газета", "Литературная Россия" уҳәа. Иҭижьхьеит хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, апоемақәа, аповестқәа, ароманқәа, аочеркқәа. 20 инареиҳаны ажәеинраалақәеи апрозатә ҩымҭақәеи еидызкыло ишәҟәқәа ҭыҵхьеит.
В. Амаршьан иажәеинраалақәа жәпакы, иҭоурыхтә роман "Аԥсҳа" еиҭагоуп аурыси аҭырқәеи бызшәақәа рахь.
Иџьоушьаша, аибашьраан аӷа хыԥхьаӡарала акырӡа дышҳаиҳазгьы, ҳара ҳаҵкыс абџьар рацәаӡаны инапаҿы ишыҟазгьы, идгылоз аҳәынҭқаррақәа шырацәазгьы, ҳара зегьы ҳақалақь гәакьа ҳшахцазгьы, зегь акоуп ҳажәлар рыгәқәа каҳаӡомызт, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа зегьы аиааира иазыԥшын, уи агәыӷра аӡәгьы ицәыӡӡомызт... Апоет иҷкәын данҭаха ашьҭахь, 1992 шықәсазы Пицунда иҩуеит "Хыма-ԥсыма" захьӡу афилософиатә жәеинраала, абраҟа иаазгоит уи ацыԥҵәаха:
Аӷа джәылоит хыма-ԥсыма,
Шьаҭанкыла ҳанирҵәарц.
Хаҳәырҵәиаа… хыма-ԥсыма,
Аӷа игәыдлоит имаҷу ҳар…
Хәылԥиеҵә ҭашәоит хыма-ԥсыма,
Шарԥиеҵә кыдларц иццакуеит.
Игәыҭҟьа-ԥсыҭҟьа хыма-ԥсыма,
Анацәа ргара дырҵысуеит…
Саргьы сахьгәаҟуа, хыма-ԥсыма,
Ҵхыбжьон смыцәа абри зыҩуеит…
Сгәырҩа шдуӡӡогь, гәыӷрак сыма,
Уаҵәтәи ҳамшахь ҿыц сыԥшуеит…
Даҽакы иалаҩашьаӡом аибашьра аан ииз аҩымҭа, уи даҽа гәыӷрак амоуп, мцак аҵоуп, уи ашьанҵа иалху ахаҳә иаҩызоуп, ахаҵареи, агәырҩеи, ахьӡи ахьымӡӷи ирылиааит... Урҭ ацәаҳәақәа зегьы амца иалиааит, ишуп, иаԥхьогьы игәы рҭынчны дзаԥхьаӡом, згәы каҳаз игәы шьҭнахуеит, абџьар зку ахаҵарахь иԥхьоит...
Ҳажәлар ирхыргаз аибашьра иазку иреиӷьӡоу ажәеинраалақәа рахь иушьартә иҟоуп апоет Витали Амаршьан иажәеинраала "Ажәылараан." Уи иҩит 1993 шықәсазы иҷкәын аамҭала аибашьра еилгаанӡа ҳәа анышә дахьамеидаз Гәдоуҭа араион Гарԥ ақыҭан иара апоет иабхәараа рҿы:
Ҳхацәа ӷьеиқәа рхы назқәырҵаз,
Ршьа зызкарҭәаз ҳаҳҭынра.
Уеизгьы-уеизгьы иҳархынҳәырцаз,
Ҳаиҭажәылароуп ԥхьаҟа!..
Адунеи дуӡӡа ашьа ааргьы,
Ажәҩан ҳақәҳаргь ибганы.
Мгашьа ҳамам, иагьа аамҭа царгьы,
Мнеишьа ҳамаӡам ҳаҩны!..
Аибашьра анеилга, апоет иҟаиҵалакгьы игәы иԥсахырц далагеит, ацәгьеи-абзиеи рҿы днеиуан, иҽрылаирхәуан ҳпоезиатә еиԥыларақәа. Аха шамаха имаҷуп ҳтелехәаԥшрақәа рҿы иара дызлахәу акадрқәа, рыԥшаара цәгьоуп иҿцәажәарақәа, ма иажәеинраалақәа дахьрыԥхьо ибжьы. Егьа убас иҟазаргьы, игәырҩа иҽеимҭеит, ичымазара бааԥс дыхәнажәаанӡа икалам каимыршәит.
Уажә абра иаазгар сҭахуп убриала иагьхсыркәшоит апоет мчыла игәы рыӷәӷәаны, ҳҵарауаҩ ду, иара иеиԥш аибашьра заӡәк дызцәалаӡыз Шьалуа Инал-иԥа изикыз ажәеинраала кьаҿ, иахьӡуп иара "Аидашшылара."
"Уаргьы саргьы ҳаблит, дад…"
Ш. Инал-иԥа.
"Уаргьы саргьы ҳаблит" ҳәа соуҳәеит,
Уаҳа иацумҵеит ажәак.
Акырынтә азхәыцтәыс исоухьеит,
Гәанылагьы иҟасҵахьеит аҭак.
Ҵабыргуп, ҳаблит, ҳаццышәхеит,
Ҳаблит, ҳаццышәхеит - ҵабыргуп.
Аха ҳаццышә ахькаԥсаз ишәҭышхеит, -
Ацәашьеиԥш иххаӡа иакуп!..
Ажәабжьқәа зегьы
0