00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
On air
14:28
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
Итоги втсречи министров иностранных дел Сирии и Абхазии
14:46
10 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә класс мҩаԥган
18:16
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны ашколқәа ҳамҭас ироуит арҵагатә маҭәахәқәа
18:19
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
18:49
18 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҽнак дахьӡеит аибашьра": Иури Қаԥшь игәалашәара иазкны

© Foto / из семейного архива Иуриа Иури Капш
Иури Капш - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы, Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа десант анӡхыҵ дҭахоит аԥсадгьыл ахьчаҩ, ахшара рацәа раб Иури Самсон-иԥа Қаԥшь. Иара иеибашьратә мҩа кьаҿзаргьы, иааирԥшыз ахаҵара аҭоурых иазынхоит. Иури Қаԥшь инысымҩа анҵоуп иԥшәмаԥҳәыс Лили Мишьелиаԥҳа лажәақәа рыла.
Иури Самсон-иԥа Қаԥшь еснагь Гагра араион "адеисра" знапы ақәкыс дреиуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьагьы далахәын аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара ицәырҵуаз аидысларақәа. Зынгьы ҳмилаҭ интересқәа зхәаҽуаз хҭыск иахырҟьангьы қырҭуаки иареи анеиҿанагала егьи диеихсуеит. Иури ицламҳәа иалалаз ашәақьхәшәы аҳақьым иныҟәоит ҳәа изалымхӡеит. Аамҭа аамҭала ахьаақәа анинаҭоз ус ичҳауа дааиуан.
Иури, аибашьра аԥхьа 15 шықәса инеиԥынкыланы Гагра аиқәырхаратә станциаҟны аус иуан. Аҭакԥхықәра ду зцыз амаҵура шныҟәигозгьы, аамҭа ԥшааны амилаҭ-хақәиҭратә ҵысрақәа иҽрылаирхәуан.
1992 шықәсазы аибашьра ианалага, Иури Қаԥшь иҩызцәа дрыцны аԥсуа школ ахь дцоит. Уаҟа аилацәажәарақәа мҩаԥыргон ԥхьаҟа рхы шаадырԥшыша, аӷа джәылар аҿагылара ширҭаша ҳәа. Ус адрыҩаҽны, нанҳәа 15 рзы адырра ҟалоит ақырҭуа десант Цандрыԥшь иӡхыҵоит ҳәа. "Карабинки" напылаҟаҵаратәи арҭҟәацгақәеи шьҭыхны, Иури бџьарла еиқәных иҟаз аӷацәа дырҿагылоит. Убасҟан ирылаижьыз артҟәацгақәа аӷацәа рахьтә иашьызи иахәызи ҟалеит. Иури иеибашьратә мҩа убри аҽны ишалагаз еиԥш иҿахҵәоит. "Карабинк" мацарала иалшозма ақәылаҩцәа рҿагылара, насгьы ахыхьчара, хымԥада, мап… Иури аҽны дҭахоит.
Иури Қаԥшь хҩык ахшара драбын, аԥеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Иԥшәмаԥҳәыс Лили Мишьелиаԥҳа аԥшьбатәи изы лцәалтәымкәа дыҟан. Хымԥада, аҭаацәара ду раб дышҭахаз атәы Лили алаҳәара гәаӷьыуацәан. Ӷәӷәала дхәуп ҳәа аарыцҳаит ианамуӡа.
"Сыԥшәма иҩызцәа ирзымгәаӷьит дышҭахаз асаҳәара, аха дхәуп ҳәа анаарыцҳа, иаразнак сцәа иалашәеит ҽеи шыҟамыз. Адырҩаҽны сгәы сҽанырҵеит аҩны сыҟазарц, убасҟан еилыскааит схәыцрақәа шбашамыз. Иура иԥсыбаҩ уахык, уа, Цандрыԥшь Валери Дауҭиа иҩнаҟны ирҵәахит. Адырҩаҽны Гаграҟа ибаҩ анааргоз, ақырҭуа ган иаарыцҳаит, "шәоуҳажьуеит амашьына "Мерседес" анаажәгалак" ҳәа. Усҟантәи аамҭазы Гагра ҩыџьа ракәын ари амашьына амарка змаз. Ажәакала иҩызцәа ирулак иԥшааны, Иура иԥсыбаҩи амашьынеи еиҭнырыԥсахлеит", - лыԥшәма иҭахашьа лгәалалыршәоит Лили Мишьелиаԥҳа.
© Foto / из семейного архива Иуриа Иури Қаԥшь иԥшәмаԥҳәыс Лили Мишьелиаԥҳа
Иури Капш - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Иури Қаԥшь иԥшәмаԥҳәыс Лили Мишьелиаԥҳа
Иури Қаԥшь уахык аҩны дыкҿаҵаны, адырҩаҽны дрымжыр ада ԥсыхәа ҟамлеит.
Гагра аангылара уажәшьҭа зынӡа ишәарҭахеит. Лили хҩык лхәыҷқәа Жәандәрыԥшьҟа лҭаацәа рахь илшьҭит. Лареи ланхәыԥҳаи аҩны иаанхеит, есыуаха Иура изы ацәымза аркразы.
"Ақырҭцәа аԥсуаа ахьынхоз ҩнаҭацԥхьаӡа инеиуан, идырҳәуан, ирԥҟон, иршьуан. Сара сыԥшәма дшеибашьуаз рдыруан аҟнытә, изныкымкәа иаҳәшьеи сареи ҳаршьырц иааихьан, аха ҳгәылацәа ақырҭуа ҳәсацәа ҳарҵәахуан. Уахык зны, ҳгәаҳҽанӡамкәа ҳашҭа ҳаршьырц ианааҭала, автоматқәа ҳақәызкыз руаӡәы сидырын, насгьы сҭагылазаашьа аниба срыцҳаишьан иҳаламкьысӡеит. Аха башагьы имцаӡеит, аҩны дырҳәит. Убри ауха Иура ԥхыӡла дызбеит, "бымшәан, урҭ уаҳа иааиӡом" ҳәа саиҳәеит. Ари ахҭыс ашьҭахь, схәыҷқәа рахь саларгеит", - лгәалашәарақәа дырзааҭгылоит аԥҳәысеиба.
Гагра араион ахы ианақәиҭха, Лили лхәыҷқәа лыманы аҩныҟа даауеит. Ашықәс ҿыц ашьҭахь, ажьырныҳәа 18 1993 шықәсазы Лили длыхшоит аԥа. Ахәыҷы ихьӡырҵоит иаб ихьӡ Иури. Хымԥада Лили илцәыцәгьан ԥшьҩык ахәыҷқәа рааӡара, аха иарӷьажәҩаны илывагылеит лани лыԥшәма иашьа Алики.
1993 шықәса ԥхынгәымзазы Лили ҩаԥхьа лгәы кылызҵәаз ахҭыс дақәшәоит. Цугуровка агараан дҭахоит лашьа Игорь Мишьелиа. Аԥҳәыс мчыла лхьаақәа дыриааины, лыԥсҭазаара лхәыҷқәа рааӡара иазылкоит. Рыԥшьҩыкгьы аӡәы ишә ихмырԥшылакәа илааӡоит, аҵарақәа ирыллыргоит. Заб ихьӡ зыхьӡу Иури, Санкт-Петербург Арратә Академиа далганы Аԥсны атәылахьчара аминистрраҟны аус иуеит.
Иури Самсон-иԥа Қаԥшь данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.
Ажәабжьқәа зегьы
0