https://sputnik-abkhazia.info/20230924/asua-kultura-afestival-asny-aatit-moskva--1048176605.html
Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" аатит Москва
Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" аатит Москва
Sputnik Аҧсны
МОСКВА, цәыббра 24 - Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсуа культура аԥшьбатәи афестиваль "Аԥсны" москватәи абаҳча "Ермитаж" аҿы иаатит амҽышаҽны, цәыббра 24 рзы. 24.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-24T15:26+0300
2023-09-24T15:26+0300
2023-09-24T15:30+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/18/1048173931_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_1ff783556fc0283bdb6abf7b286e41ee.jpg
МОСКВА, цәыббра 24 - Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсуа культура аԥшьбатәи афестиваль "Аԥсны" москватәи абаҳча "Ермитаж" аҿы иаатит амҽышаҽны, цәыббра 24 рзы.Ауснагӡатә аартит Москватәи аԥсуа диаспора анапхгара ахантәаҩы Беслан Агрба.Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа иҳәеит уаанӡа афестивальқәа апарк "Красная Пресня" ишымҩаԥысуаз, аха сынтәа "Ермитаж" абаҳчаҿы акәхеит, ари аҭыԥ аконцепциа еиҳа ианаалоит иҳәеит иара.Афестиваль "Аԥсны" амҩаԥгаҩ Давид Цужба далацәажәеит асасцәа ауснагӡатә аҟны ирбар рылшо. Афестиваль аҭааҩцәа рыбжьара еиуеиԥшым аԥхьахәқәа, Аԥсны аԥсшьараз апутиовкақәа назлоу, еихшахоит иҳәеит иара.Аԥсуа шҭаҿы асасцәа ирылшоит ишәаҳәар, икәашар, аԥсуа чыс агьама рбар, амузыкатә инструментқәа рҿы ихәмарыр, анапҟазаратә павилионқәа (ажьиратә, акыцӡратә) рзы иаҭаххаша амаругақәа шаздырхио, аҟазауаа ишыддырбо атрадициатә аалыҵқәа рыҟаҵашьа.Акинотеатри алектории рҿы ирылшоит аԥсуа кинематограф аҭыхымҭақәа ирыхәаԥшыр, аҟазаратә классқәа ирҭаар, аԥсуа бызшәа аурокқәа роур. Асцена хадаҿы иқәгылоит арҿиаратә коллективқәа. Иара убасгьы апрограммаҿ — кавказтәи аиога, анардқәеи ашахматқәеи рзы аиндаҭлара, ашәҟәытә џьармыкьа, ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/18/1048173931_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_853840d27466d1b963d2021c7b8f60d2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" аатит Москва
15:26 24.09.2023 (ирҿыцуп: 15:30 24.09.2023) МОСКВА, цәыббра 24 - Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсуа культура аԥшьбатәи афестиваль "Аԥсны" москватәи абаҳча "Ермитаж" аҿы иаатит амҽышаҽны, цәыббра 24 рзы.
Ауснагӡатә аартит Москватәи аԥсуа диаспора анапхгара ахантәаҩы Беслан Агрба.
"Ашықәс зегьы ҳара аԥсуаа Москва ҳасасцәоуп, аха ҽназаҵәык ҳара шәҳасасцәаз, ишәнырырц ҳҭахәуп Аԥсны аҳауа, агьама, акультура, уи азы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит. Амш бзиоуп, аԥсабара иаҵәоуп- аамҭа ҳацныҟәеит",- иҳәеит Агрба.
Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа иҳәеит уаанӡа афестивальқәа апарк "Красная Пресня" ишымҩаԥысуаз, аха сынтәа "Ермитаж" абаҳчаҿы акәхеит, ари аҭыԥ аконцепциа еиҳа ианаалоит иҳәеит иара.
Афестиваль "Аԥсны" амҩаԥгаҩ Давид Цужба далацәажәеит асасцәа ауснагӡатә аҟны ирбар рылшо. Афестиваль аҭааҩцәа рыбжьара еиуеиԥшым аԥхьахәқәа, Аԥсны аԥсшьараз апутиовкақәа назлоу, еихшахоит иҳәеит иара.
Аԥсуа шҭаҿы асасцәа ирылшоит ишәаҳәар, икәашар, аԥсуа чыс агьама рбар, амузыкатә инструментқәа рҿы ихәмарыр, анапҟазаратә павилионқәа (ажьиратә, акыцӡратә) рзы иаҭаххаша амаругақәа шаздырхио, аҟазауаа ишыддырбо атрадициатә аалыҵқәа рыҟаҵашьа.
Акинотеатри алектории рҿы ирылшоит аԥсуа кинематограф аҭыхымҭақәа ирыхәаԥшыр, аҟазаратә классқәа ирҭаар, аԥсуа бызшәа аурокқәа роур. Асцена хадаҿы иқәгылоит арҿиаратә коллективқәа. Иара убасгьы апрограммаҿ — кавказтәи аиога, анардқәеи ашахматқәеи рзы аиндаҭлара, ашәҟәытә џьармыкьа, ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.