Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥысит аиубилеитә арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

© Sputnik / Томас ТхайцукАрт-фестиваль "Прогулка по набережной"
Арт-фестиваль Прогулка по набережной - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2023
Анапаҵаҩра
Афестиваль хықәкқәас иамоуп ашәҟәы аӡыргара, ашәҟәыԥхьара аларҵәара, аҿар ринтеллектуалтә ҿиара ацхраара.
АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажәабатәи жәларбжьаратәи арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира" мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи амилаҭтә библиотекаҿы Аҟәа ашәахьа, цәыббра 25 рзы.
Сынтәатәи аусмҩаԥгатә Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкуп. Афестиваль аҭааҩцәа алшара рыман еиуеиԥшым аплошьадкақәа рҭаара - ҿырԥштәык аҳасабала, Владислав Арӡынба ихьӡ зху "Ахьӡ-аԥша" амузеи еиҿнакааз амузеи аекспонатқәа.
Здание РУСДРАМа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2023
Аԥсны
Аԥсны акультуратә афиша: аклассикатә музыкеи Аиааира амши
Иара убас иҟан алшара Владислав Арӡынба раԥхьатәи имаҵуратә автомашьына "Волга" ГАЗ 24-10 иадгыланы рфотосахьақәа рҭыхра.
Амилаҭтә библиотека еиҿнакааит Аԥсны инарылукааша ауаа ирызкны ацәыргақәҵа. Иҟан ахәмарратә ҭыԥқәа, ашахмат абзиабаҩцәа рызгьы.
Ахәаԥшцәа ргәалаҟазаара шьҭырхуан асценаҿ иқәгылаз ахореографиатә коллективқәа, урҭ инарыгӡеит арра-патриоттә шәақәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира" - Sputnik Аҧсны
1/3

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира" - Sputnik Аҧсны
2/3

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира" - Sputnik Аҧсны
3/3

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

1/3

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

2/3

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

3/3

Аҟәа имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира"

Аиблиотека амилаҭтә литература аҟәша аиҳабы Ламзира Шьынқәырԥҳа иазгәалҭеит, хыԥхьаӡара рацәала арт-фестиваль иаҭааз рыбжьара иҟоу ашколхәыҷқәеи ААУ астудентцәеи зҿлымҳарыла ишрыдыркылаз аибашьра иазку Анатоли Лагәлааи (Ануаа рхәы) Саида Жьиԥҳаи (Ихәу ахәыҷра) рҩымҭақәа.
Афестиваль хықәкқәас иамоуп ашәҟәы аӡыргара, ашәҟәыԥхьара аларҵәара, аҿар ринтеллектуалтә ҿиара ацхраара. Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека.
Ажәабжьқәа зегьы
0