Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультуратә афиша: аклассикатә музыкеи Аиааира амши

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание РУСДРАМа
Здание РУСДРАМа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2023
Анапаҵаҩра
Цәыббра 25 - жьҭаара 1 рызтәи Аԥсны акультуратә афиша.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны есымчыбжьа ишәыднагалоит ареспубликаҿы имҩаԥысуа атеатртә қәгыларақәа, аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа уҳәа жәпакы разгәаҭа.

Ҳазҭалаз амчыбжь азы Пицундатәи ауахәамаҿы имҩаԥысраны иҟоуп аклассикатә музыка аконцертқәа.

Цәыббра 27 асааҭ 17:00 рзы – Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт.
Цәыббра 28 асааҭ 17:00 рзы –аконцерт "Адунеитә классика ашедеврқәа". Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылоит Аҳәынҭқарратә камертә аоркестр асолистцәа - Анастасиа Курочкина (афлеита), Елена Ҳагԥҳа (сопрано), Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагԥҳа (аскрипка), Светлана Сариан (афортепиано), Валери Барганџьиа (ауарӷан).
Цәыббра 30 асааҭ 17:00 рзы – Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа рконцерт.
Ҳазҭалаз амчыбжь азы аҳҭнықалақь аҿгьы имҩаԥгахоит еиуеиԥшым акультуратә уснагӡатәқәа.
Аҩӡба Гәдоуҭа Аиааира амш азгәаҭаразы: ахәылԥазқәа, ашколхәыҷқәа рныҟәара, аконцертқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Арадио
Аҩӡба Гәдоуҭа Аиааира амш азгәаҭаразы: ахәылԥазқәа, ашколхәыҷқәа рныҟәара, аконцертқәа
Цәыббра 25 асааҭ 12:00 рзы - Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥгахоит X аиубилетә жәларбжьаратә арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира". Ауснагӡатә ахықәкы – ашәҟәыԥхьара аларҵәара, аҿар ринтеллектуалтә ҿиара ацхраара.
Ирацәоуп цәыббра 27, цәыббра 30 ирызкхо ауснагӡатәқәа:
Цәыббра 27 асааҭ 13:00 рзы – Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку асахьаркыратә рҿиамҭақәа рцәыргақәҵа "Агәалашәара наӡаӡоуп".
Цәыббра 27 асааҭ 17:00 рзы – Аҳәынҭфилармониаҿ аконцерт.
Цәыббра 30 аҽны Ахақәиҭра ашҭаҿы арратә парад иалагоит асааҭ 11:00 рзы. Асааҭ 14:00 рзы амшын аԥшаҳәаҿы – "Аҟәа ашҭа".
Асааҭ 20:00 рзы астадион "Динамо" аҟны аныҳәатә қәгылара, асааҭ 21:30 рзы аныҳәатә салиут.
РУСДРАМ аҿы "Евгени Онегин" аԥхьарбара мҩаԥгахоит цәыббра 26 - 27 асааҭ 19:00 рзы.
Цәыббра 28 - 29 рзы – "Абырг Ҳабыгә игәыжь ажәабжь."
Ажәабжьқәа зегьы
0