Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Закан Нанба: Аҟәа агара иаанагон - Аиааира абираҟ ашьҭыхра

© Sputnik Томас ТхайцукЗакан Нанба
Закан Нанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу аинрал Закан Нанба Гәымсҭатәи афронт 1-тәи абригада аштаб ахадас дыҟан Аҟәа ахақәиҭтәра ианалагоз. Ҳазҭагылоу аамҭазы Закан Нанба Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аветеранцәа рхеидкыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟоуп. Иара изныкымкәа ахҳәаа риҭахьеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра адаҟьақәа. Уажәы Аиааира агара 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы аинрал дазааҭгылоит аҳҭнықалақь- Аҟәа ахақәиҭтәра астратегиатә ҵаки, аҵыхәтәантәи ажәылара аиҿкаашьа аҟазшьақәеи.
Усҟантәи аамҭазы аинрал ихыҵуан 42 шықәса, иара ихы дахлафаауа иҳәоит "схәыҷӡамызт сара, џьара напынҵак сыҭаны агәылара сушьҭратәы сыҟан" ҳәа. Аинрал ишиҳәо ала, сентиабртәи ажәылара аиҿкаараан хшыҩзышьҭра рыҭан уаанӡатәи иқәҿиарамыз арратә операциақәа. Абар иара иажәа ахы шикыз: "Марттәи ажәылара ашьҭахь, маи мза инаркны 1-тәи абригада аштаб ахадас сыҟан. Раԥхьа Муҳаммад Кьылба командаҟаҵаҩыс дыҟан, анаҩс сентиабртәи ажәылара аамҭазы командаҟаҵаҩыс дҳаман Витали Смыр. Аҵыхәтәантәи ажәылароуп иунтәи ажәыларагьы. Уи ҽазыҟаҵаран ҳара ҳзын. Абра ашьхақәа ҳаархагыло, аҳҭнықалақь Аҟәа ҳалаԥшуа ҳангыла, нас ҳҽаанаҳкылеит, избанзар адунеибжьаратәи амчқәа цәырҵит, ахысрақәа аанкылатәуп рҳәошәа егьуашәа. Убарҭ иун азы игаз аҳаракырақәа ҵакыс ирымаз? Цугәыровка, Шрома, Аҳбҩық уҳәа абарҭ аҳаракырақәа анаҳга Аҟәа унапсыргәыҵа ианушәа иубаратәы иҟалеит".
Нанба ишиҳәо ала, ақырҭқәа рпозициақәа дырӷәӷәаларц адунеижәларбжьаратәи анаԥшцәа ҳара ҳар дырблаҟьон, аицәажәарақәа ҟарҵошәа, ақырҭқәа рыр алыргарашәа ибжьалон.

"Аамҭа ргон, ҳаӷацәа рхырӷәӷәарҭақәа реибыҭара иаҿын усҟан, аха ҳара Мрагыларатәи афронт аҿы аҭагылазаашьа уадаҩхеит, амлакра ҟалеит ҳҳәан, ҳпозициа адунеи иаҳаратәы аҳәамҭақәа ҟаҳҵеит усҟан. Ажәакала, Гәымсҭатәи ацҳа аганахь рҿынархеит ҳаибашьцәа сентиабр мзазы Аҟәа аҭарцәразы", - иҳәоит Закан Нанба.

Ишаҳдыруа еиԥш, сентиабр 16 1993 шықәсазы иалагеит 11 мшы ицоз Аҟәа ахақәҭтәразы ажәылара. Нанба ари ажәылара дшадҳәалаз аарԥшуа абас иҳәеит: "Сара абарҭ ахҭысқәа сабанӡарылахәыз ҳәа шәҵаауазар, аштаб ахада иаҳасабала снапы иҵыҵуан - аибашьратә, арратә, ажәыларатә дҵақәа (боевые распоряжения). Уи иаанагои? Баталионцыԥхьаӡа ирысҭон заа ихәшьадыз, аоперациа ианалаго, иахьцо, иахьаауа, ахсаала уҳәа акомандирцәа рус зланарыгӡо аконвертқәа. Нас, ажәылара ианцо рааигәа ирывагыланы инеиуа арымарахьтәи, арыӷьарахьтәи аибашьцәа азусҭцәоу, раԥхьа итәоу аӷацәа заҟаҩ ыҟоу, аминақәа ахьышьҭоу инаркны иақәнагаз аинформациа изанаҳҵон акомандир. Ҳара ҳакәын афронт аԥшыхәра иадҳәалаз, аинформациа змаз, абаталион уи амаӡамызт. Аоперациа ианалаго аамҭа, артиллериа аус анауа уҳәа – абарҭ зегьы минуҭ-минуҭла иҩны ишьҭыхны, абаталион акомандир дааганы иаҳҭон. Зны заа еизганы акомандирцәа зегь ирылаҳҳәон гәҭакыс иҳамоу. Аибашьра ус ауп ишыҟоу - исҵәахуеит ҳәа уалагаргьы иауӡом. Иҟоуп излагәоуҭо. Ар џьаԥҳанылеи шәҵатәылеи реиқәыршәара уаналагалакгьы, ирныруеит гәҭакык шыҟоу. Ажәылара анахәҭоу - асолдаҭ аҟыҿыҳәа дыцҳауа даныҟоу ауп, даҽакала иаҳҳәозар игәы ҵкапуа даныҟоу. Заа уалагар, акгьы алҵӡом. Убысҟан убас иҟан аҭагылазаашьа".
Аинрал игәаанагарала, сентиабртәи ажәылара аамҭазы аԥсуа ар рҿы алеишәагьы шьақәгыланы иҟан, иазыхиан, иагьырҭахын аӷа иахцара.
День освобождения Сухума 27 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Аԥсны
Аиааиразы ажәылара: Аҟәа ахақәиҭтәра амш
"Сентиабртәи ажәылараҿы ҳара ҳар ириааиуаз мчы ыҟаӡамызт, избанзар усҟантәи аамҭазы ҳаибашьратә леишәа шьақәгыланы иҟан. Аимадара, аилибакаара уҳәа иҭышәынтәаланы иҟан. Ианвартәи марттәи уҳәа иқәҿиарамыз ажәыларақәа рылкаақәа ҟаҵан. Даҽакала иаҳҳәозар, ацәырҳәы иқәҵаны иаҳгаратәы иҟан Аҟәа", - иҳәоит аштаб аиҳабыс иҟаз Нанба.
Уи аамҭазы ажәылара иалагеит Мрагыларатәи афронт аҿгьы. Аибашьра аҭоурых ҭызҵаауа Валикәа Ԥачлиа ишиҩуа ала, Мрагылараҿтәи аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан Кәыдрытәи ацҳа анапахьы аагара, иара убас ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Ахалдаба, Аракьаҽы, Цагьера уҳәа аӡиасқәа Мықәи Кәыдри ирыбжьаку зегьы раанкылара. Аинрал Нанба аҩ-фронтк реимадаразы исҭаз азҵаара абас аҭак сиҭеит: "Мрагыларатәи афронти ҳареи ҳшеимадаз атәы сҳәозар - дара ирдыруан ҳара ҳазҿыз, ҳаргьы убас дара ршьаҿақәа. Аҟәа аҭарцәра даара ихадан ҳара ҳзын. Абра аҳҭнықалақь аҿы иҟаз ршьапы иқәумырҟьар , егьырахьгьы акгьы узыҟаҵомызт. Дара ргәыцә зегьы ара Аҟәа иҟамзи? Шеварднаӡе ара дтәамзи? Абри ауаҩы аӡы данаго ишьапы иҵымҟьои? Убас ршьапы иқәырҟьаны Аҟәа ҳнапаҿы иааҳгар акәын аиааира ҳгаразы".
Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара акыр рҽазыҟарҵон Нанба ишиҳәо ала. Аӡәаӡәала акомандирцәа ааганы ирацәажәон. "Абарҭ акомандирцәа ираҳҭаз аконвертқәа рцәаҿы ианын ианхыртлатәу аамҭа, анаҩс аҩнуҵҟа иҭаз ақьаад иранаҳәон иандәықәлашаз асааҭ. Убасҟан зегь маншәалааны ицеит. Ҳаибашьцәа рызегьы ацәаҳәа иқәҵаны ишахәҭаз еиԥш идәықәаҳҵеит. Аӡә џьара даҵахар, сара сзыҟаз убри азоуп, уи ацхыраара исҭон. Арезерв змаз Гәдоуҭа иҟан, аминистр ихаҭыԥуаҩцәа уҳәа знапы ианыз ауаа ыҟан. Абри аҟара ауаа сҭахуп анысҳәалакгьы, ацхырааразы иаарышьҭуан. Гәымсҭеи Гәдоуҭеи ирыбжьои? Ахьышәҭҳәа ацхыраара ҟарҵон. Дара мазеины итәазар акәын. Ауаа шаҟаҩы аҭахыу аарышьҭуан. Абаталион акомандиргьы имазароуп арезерв, аха иазымхар, сырзасыр иаарышьҭуан".
Аиааираз ихадоу ашьаҿа: Аҟәа ахақәиҭтәра амш - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Аԥсны
Аиааираз ихадоу ашьаҿа: Аҟәа ахақәиҭтәра амш
Закан Нанба иштаб Ешыра иҟан, уа аблиндаж иман, убрантәи акәын акоманда ахьыҟаиҵоз. Ижәылоз ирҭахыз зегь ырмазеины иман. Ак рыгхар, иаҳҳәап аџьаԥҳаны, ма асанитарцәа рҭахызар ирхьигӡон. Иарбан уадаҩрақәоу усҟантәи аамҭазы аштаб ахада имаз ҳәа исҭаз азҵааразы абас сеиҳәеит аинрал Нанба:
"Аҵыхәтәантәи ажәылараҿы уадаҩрас акгьы ҳамаӡамызт, избанзар ишысҳәахьоу еиԥш, дасу руси рҭыԥи рдыруан. Амш анынҵәалакгьы, заҟаҩ хәыз, заҟаҩ ҭахаз анеилкаахалакгьы, адырра ааизганы шифрограммала сеиҳабыра рахь исышьҭуан – абри даара зышьҭыхра уадаҩыз еидаран са сзы".
Аҟәа ахақәиҭтәраҿы аԥхьа игылаз, ԥсабарала имшәаӡоз, акы иннамкылоз ракәын иҳәоит аинрал. 1500-ҩык инадыркны х-нызқьҩык рҟынӡа алахәын ҳәа иԥхьаӡоит Нанба Аҟәа ахакәиҭтәра. Уи аамҭазы ақырҭқәа рыр ртәы дазхәыцуа акырӡа ишҳаиҳаз азгәеҭеит: "Ақырҭуа ган атәы сҳәозар – 23-тәи абригада ахьӡын иаҳҿагылаз, акырӡа иҳаиҳаӡан дара. Сентиабр 25 рзы абри Алашарбага аҳабла иалаланы ицон ҳар. Гәымсҭатәи ахырхарҭа ҵаҟатәи ацҳа иқәсит, Учхоз ркит ҳаибашьцәа. Аха, Аҳабла ҿыц амассив ҳәа иахьашьҭоу игылаз аҩын дуқәа рҿынтә ақырҭқәа ақәҵра ргәы иҭаӡамызт. Нас, ҳара ҳаалаган Ачадара амҩала 1-тәи абаталион дәықәаҳҵеит, Афон-Ешыратәи абаталион. Ареспубликатә хәшәтәырҭа аганала Аҳабла ҿыц уахьалало аҟынтәи ҳҿылаҳхан "Ветерок" ҳәа иахьашьҭаз ахагьежьрҭаҿы ҳкылсит, аха ақырҭқәа аҿагылара ду ҟарҵеит уа. Нас, инаскьаганы абри "Колос" аҿаԥхьа ҳазкылсны, убрантәи ажәылара ҳалагеит Ажәытә ҳаблала. Нас, дара амацәаз иҭашәар алшон азы, илбаан абри аӡбаарақәа ахьыҟаз, Алашарбага аурысқәа рбаза ахьыҟаз ала идәықәлеит. Ҳара уахь ҳазхысӡомызт аурысқәа рбаза ыҟан азы. Аҟәа амза 26 рзы срышьҭаланы саауан. Смашьынақәа аџьаԥҳаны зқәыз зегь еицрыхәхәа иҳацын. Ацхыраара рысҭалар акәын. Асолдаҭ иуал аибашьра, аштаб уи иеиқәыршәара ауп. Ажәылара атемп амоуп, уи ануцәыӡ уаанхоит. Аагылашьа рмоуӡеит ҳар. Ақырҭқәа реибашьыга машьына еилаҳаит ҳҳәар ауеит усҟан. Сара исаҳауан урҭ иҩны ианцоз рыбжьқәа. Амза 27 рзы сыштаб Турбаза аԥсшьарҭа ҩны "Аԥсны" иҟасҵахьан. Аҟәа агара иаанагон - Аиааиара абираҟ ашьҭыхра!", - иҳәоит Нанба Аҟәа ахакәиҭтәразы иажәа хыркәшо.
Ажәабжьқәа зегьы
0