Урыстәыла

Ареспублика Ашьха Ҟарабах 2024 шықәса инаркны иҟамлар алшоит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГород Степанакерт.
Город Степанакерт. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2023
Анапаҵаҩра
Цәыббра 19 рзы Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ареспублика иахьаҵанакуа "ҭыԥ-ҭыԥла атеррористҿагыларатә операциа" иалагеит, урҭ хықәкыс ирымоуп аконституциатә мчра аиҭашьақәыргылара.
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Ареспублика Ашьха Ҟарабах 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны иҟалом ҳәа РИА Новости адырра ҟанаҵоит ҟарабахтәи аинфоштаб адыррақәа рышьаҭала.

"Ирыдкылоуп аӡбамҭа: Ареспублика Ашьха Ҟарабах иҟоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аиҿкаарақәеи 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 аҟынӡа русура нкылахарц. Абри арыцхә инаркны Ареспублика Ашьха Ҟарабах (Арцах) аҟазаара ԥкхоит", - аҳәоит ареспублика ахада Самвел Шахраманиан иусԥҟаҿы.

Аусԥҟа амчра аиуеит ианкьыԥхьха ашьҭахь. Аӡбамҭа рыдкылоуп Ҟарабах ауааԥсыра ршәарҭадареи ринтересқәеи ирықәныҟәаны ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Ареспублика ауааԥсыра, абџьар шьҭазҵазгьы абрахь иналаҵаны ирзеиҿкаахоит Лачатәи акоридор ала ареспублика алҵразы аҭагылазаашьа. Арегион аҿы аанхара иақәшаҳаҭу Ҟарабах ауааԥсыра идырдырхоит Азербаиџьан ирыднагало аҭагылазаашьақәа.
Цәыббра 19 рзы Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах ареспублика иахьаҵанакуа "ҭыԥ-ҭыԥла атеррористҿагыларатә операциа" иалагеит, урҭ хықәкыс ирымоуп аконституциатә мчра аиҭашьақәыргылара.
Обстановка в Карабахе - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Урыстәыла
Урыстәылантәи аруаа Степанакерт иҟалаз аԥжәараҟны ааха зауз ауаа ацхыраара рырҭоит
Ашьха Ҟарабах игылоу Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рыбжьаҟазарала цәыббра 20 асааҭ 13.00 инаркны ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит.
Цәыббра 21 рзы Евлах ақалақь аҿы имҩаԥган Ашьха Ҟарабах инхо аерманцәеи Азербаиџьан аделегациеи реиԥылара. Уа ирылацәажәон еиуеиԥшым азҵаарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0