00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сурманиӡе еиҭеиҳәеит, Аҟәа иуашәшәыроу аҩны анхацәа ауадақәа рыла реиқәыршәара аус шцо

Сурманиӡе еиҭеиҳәеит, Аҟәа иуашәшәыроу аҩны анхацәа ауадақәа рыла реиқәыршәара аус шцо
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа 2023 шықәсазтәи абиуџьет 50 миллион мааҭ ацырҵеит, уаанӡа Аԥсны Апарламент ирыдыркылахьаз аӡбара инақәыршәаны. Арҭ аԥарақәа нашьҭхоит Наӡаӡе лыхьӡ зху амҩаҟны игылоу иуашәшәыроу аҩны аҟынтәи анхацәа хаз-хазы рнырхаразы. Иахьазы ари аҩны аҭагылазаашьеи, иара анхацәа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәа аус аиҿкаашьеи атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.
Аҟәа ахада Беслан Ешба ишиҳәаз ала, 50 миллион мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи раԥхьатәи трансферуп ауаа хаз-хазы рнырхаразы. Зынӡа ари аус иазоужьхоит 300 миллион мааҭ.
Аҩны ргылан асовет аамҭазы, иара ишаҭахыз иҟаҵамызт, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Сурманиӡе. Жә-еихагылак змоу аҩнаҿы инхоит 200-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра, ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.
"Адгьылҵысра, амшцәгьақәараан анхацәа ргәы хыҭхыҭуаитәан. Дара иҟарҵаз аҳәарала, аҳәынҭқарра иахаҵгылеит ари азҵаара. Нхарҭа ҭыԥла зышәҟәқәа еиқәыршәамыз анхацәа аамҭакьаҿк иалагӡаны зегьы аҭыԥ иқәырҵар акәхеит, ҳара уи аҿы ацхыраара раҳҭеит. Аҩны Аҟәа ақалақь иахьгылоу аҟынтә аԥарақәа аҳҭнықалақь абиуџьеҭ иахыԥхьаӡалан, аха дара ареспубликатә биуџьет аҟынтә иаауеит. Ауааԥсыра рхала ирзоужьхо аԥарақәа рыла иаархәоит анхарҭа ҿыц", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сурманиӡе.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0