Урыстәыла

Украинатәи аруаҩ х-уаҩшьрак ахьыҟаиҵаз азы иԥсахьынӡаҭоу аҭакра иқәшәоит

© Sputnik / Кирилл КаллиниковНа аукционе "Анимация. Кино. Книги. Архивы. Графика, Редкие документы" в Москве. Каталог включает более 500 лотов в 14 разделах
На аукционе Анимация. Кино. Книги. Архивы. Графика, Редкие документы в Москве. Каталог включает более 500 лотов в 14 разделах - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы иҭнаҵаауеит арегион ҿыцқәа рҟны аҭынч уааԥсыра рышьра.
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Донецктәи Жәлар Рреспублика Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Украина арбџьармчқәа амшыншьаҟауаа хаз игоу арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара абаталион амаҵзура аиҳабы Денис Мирза зрежим рӷәӷәоу аколониаҿ аҭакра иқәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла апрокуратура Хада.
Мирза ҩыџьеи инареиҳаны ауаа рышьра ихарартәуеит аполитикатә, аидеологиатә цәымӷра ашьаҭала, аоккупациа зызуу аҵакырақәа рҿы аграждантә уааԥсыра мҽыӷрала рызныҟәарагьы налаҵаны.
Аусҭҵаараан ишьақәыргылан 2022 шықәса хәажәкырамзазы Мирзеи иҩызцәеи Мариупольтәи иреиҳау аметаллургиатә ҵараиурҭа аҵакыраҿы ишыҟаз.
Адҵаҟаҵаҩ ари аҵакырахь инанагаз аҭынч уаҩ ишьразы адҵа анииҭа Мирза тапанчала уи диехсит.
Иара убри аамҭазы алаӷәраҵаҟаҿы Олего Завалецки ҩыџьа аҭынч уааԥсыра ишьит, аррамаҵзурауаҩ Николаи Олексенкогьы адҵа иҭан амҩа ианыланы ицоз хҩык ауаа ишьразы. Ҩыџьа ишьит, аӡәы абналара илшеит.
ДЖәР Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы Завалецкии Олексенкои рганахь ала аусҭҵаара иахәаԥшуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0