https://sputnik-abkhazia.info/20231015/alisa-gytsba-iashalgaz-abati-zhlarbzharati-ashaarat-eitslabra-khatsyrkup-1048616587.html
Алиса Гыцба иаԥшьылгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра хацыркуп
Алиса Гыцба иаԥшьылгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра хацыркуп
Sputnik Аҧсны
Алиса Гыцба иаԥшьалгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра мҩаԥгахоит Москвеи Аҟәеи жьҭаара 15 инаркны 26 рҟынӡа. 15.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-15T11:36+0300
2023-10-15T11:36+0300
2023-10-15T13:00+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1d/1032319492_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_a0bfc1876f3265d415ef27c42c5d7019.jpg
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсны Жәлар рартист, Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцба иаԥшьылгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра хацыркуп Москва, жьҭаара 15 аҽны.Арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Алиса Гыцба илҳәеит сынтәатәи аицлабра аиҭакрақәа шалагалоу, урҭ иреиуоуп аноминациа ҿыцгьы.Аицлабра аҳәаақәа аҽарҭбааит, уи иалахәуп Урыстәыла арегионқәа, Аԥсны, Асовет Еидгыла иалаз ареспубликақәа рхаҭарнакцәа зегьы, лҳәеит лара.Алиса Гыцба иаԥшьалгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра мҩаԥгахоит Москвеи Аҟәеи жьҭаара 15 инаркны 26 рҟынӡа. Алиса Гыцба лажәақәа рыла, аицлабра Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкхоит. Аицлабра аӡбаҩцәа иалахәуп Алиса Гыцба лхаҭа, иара убас хьӡи-ԥшеи згым Урыстәылеи Аԥсни рартистцәеи рмузыкантцәеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Басиниа Шульман, Нинель Бжаниа, бас-баритон Алексеи Еник, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, апианинорҳәаҩы Александр Гиндин, Москватәи аҳәынҭкнсерваториа апрофессор Александр Соловьев, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба, Воронежтәи афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Ирина Авралева.Гыцба лажәақәа рыла, аицлабра иалахәу рыҩаӡара ҳаракуп, уи ажиури аршанхеит.Аицлабра актәи атур мҩаԥган авидеонҵамҭақәа рыла. Аҩбатәи аетап хыцыркхеит жьҭаара 15 рзы алахәылацәа ашәҟәы рынҵареи аҵәҭаԥсареи рыла. Азыӡырҩра мҩаԥыслоит жьҭаара 16-18 рзы, ахԥатәи атур Аԥсны ихацыркхоит жьҭаара 23 рзы, аицлабра хыркәшахоит жьҭаара 26 рзы аҳәынҭфилармониаҿы имҩаԥгахо аконцерт ала, уаҟа иалкаахаз иранашьахоит аҳаҭыртә шҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи.Гран-при иаԥсахаз ианашьахоит 200 000 мааҭ, актәи аҩаӡара алауреиат -80 000 мааҭ, ансамбльқәа рыбжьара аиааира згаз- 120 000 мааҭ. Иара убас, аспонсорцәа рҟынтәи аҳамҭа ҷыдақәа азгәаҭоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20230813/niaa-eialeit-alisa-gytsa-eiylkaaua-amuzykat-eitslabra-ialagalou-asakhraa-1047431629.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1d/1032319492_231:0:2960:2047_1920x0_80_0_0_564d123ea4ceefbd929d5527556ddf50.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
Алиса Гыцба иаԥшьылгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра хацыркуп
11:36 15.10.2023 (ирҿыцуп: 13:00 15.10.2023) Алиса Гыцба иаԥшьалгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра мҩаԥгахоит Москвеи Аҟәеи жьҭаара 15 инаркны 26 рҟынӡа.
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсны Жәлар рартист, Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцба иаԥшьылгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра хацыркуп Москва, жьҭаара 15 аҽны.
Арадио
Sputnik аинтервиу азҭаз Алиса Гыцба илҳәеит сынтәатәи аицлабра аиҭакрақәа шалагалоу, урҭ иреиуоуп аноминациа ҿыцгьы.
"Аконкурс ахьӡгьы хәҭакахьала иԥсаххоит, "ашәаҳәаратә еицлабра" ацынхәрас уажәшьҭа "амузыкатә" ҳәа ахьӡзаауеит. Избан акәзар, аноминациа ҿыц- "Ансамбльқәа рҟазара" алаҳгалеит, уахь иалоуп ашәаҳәаратә ансамбльқәа, акамертә, амузыкатә хархәагақәа азырҳәо",- лҳәеит Гыцба.
Аицлабра аҳәаақәа аҽарҭбааит, уи иалахәуп Урыстәыла арегионқәа, Аԥсны, Асовет Еидгыла иалаз ареспубликақәа рхаҭарнакцәа зегьы, лҳәеит лара.
Алиса Гыцба иаԥшьалгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра мҩаԥгахоит Москвеи Аҟәеи жьҭаара 15 инаркны 26 рҟынӡа. Алиса Гыцба лажәақәа рыла, аицлабра Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкхоит.
Аицлабра аӡбаҩцәа иалахәуп Алиса Гыцба лхаҭа, иара убас хьӡи-ԥшеи згым Урыстәылеи Аԥсни рартистцәеи рмузыкантцәеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Басиниа Шульман, Нинель Бжаниа, бас-баритон Алексеи Еник, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, апианинорҳәаҩы Александр Гиндин, Москватәи аҳәынҭкнсерваториа апрофессор Александр Соловьев, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба, Воронежтәи афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Ирина Авралева.
Гыцба лажәақәа рыла, аицлабра иалахәу рыҩаӡара ҳаракуп, уи ажиури аршанхеит.
Аицлабра актәи атур мҩаԥган авидеонҵамҭақәа рыла. Аҩбатәи аетап хыцыркхеит жьҭаара 15 рзы алахәылацәа ашәҟәы рынҵареи аҵәҭаԥсареи рыла. Азыӡырҩра мҩаԥыслоит жьҭаара 16-18 рзы, ахԥатәи атур Аԥсны ихацыркхоит жьҭаара 23 рзы, аицлабра хыркәшахоит жьҭаара 26 рзы аҳәынҭфилармониаҿы имҩаԥгахо аконцерт ала, уаҟа иалкаахаз иранашьахоит аҳаҭыртә шҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи.
Гран-при иаԥсахаз ианашьахоит 200 000 мааҭ, актәи аҩаӡара алауреиат -80 000 мааҭ, ансамбльқәа рыбжьара аиааира згаз- 120 000 мааҭ. Иара убас, аспонсорцәа рҟынтәи аҳамҭа ҷыдақәа азгәаҭоуп.