00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥерцхьелиа Москва иҟоу амҽышатәи ашкол азы: аԥсуаа рбызшәа аҵара рҭахым

Ԥерцхьелиа Москва иҟоу амҽышатәи ашкол азы: аԥсуаа ирҭахым рбызшәа аҵара
Анапаҵаҩра
Арҵаҩы Виолетта Ԥерцхьелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Москва аус зуа амҽышатәи аԥсуа школ аҟны аҵара шымҩаԥысуа, аԥсшәа зҵарц зҭаху рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, абызшәа зҵо азусҭцәоу.
Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рнаҩс Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҿы амҽышатәи аԥсуа школ аҟны аҵара хацыркуп. Ашкол апрограммаҟны иҟоуп Аԥсны аҭоурых, алитература, акультуразы алекциақәа. Аԥсуа бызшәазы аурокқәа мҩаԥылгоит арҵаҩы Виолетта Ԥерцхьелиа. Ахәыҷқәеи адуцәеи алшара рымоуп хәыда-ԥсада аԥсуа бызшәа аурокқәа мҽышала ирҭаарц.
Виолетта Ԥерцхьелиа 31 шықәса ҵуеит Москва аԥсшәа зҵарц зҭаху идлырҵоижьҭеи.
"Сара сзы ихадоуп аҩышьа-аԥхьашьа дырҵара. Анаҩс ауаҩы ихала ихатәы бызшәа иҵартә дҟалоит, арҵагашәҟәқәа ҳамоуп. Амҽышатәи аԥсуа школқәа еиҿкаан, аха иаҳа ихаданы, астатус аманы иҟалеит ҳтәыла азхаҵара анаҩс Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҟны ианеиҿкааха", - лҳәеит Ԥерцхьелиа.
Арҵаратә методқәа дырзааҭгыло илҳәеит, иаҳа алҵшәа змоу акәны ишахәаԥшуа арҵаҩы лыбжьы ҭаҩны абызшәа зҵо аматериал рызнагара,убасгьы атекстқәа аурысшәахьынтә аԥсшәахь реиҭагара.
Перцхьелиа лажәақәа рыла абызшәа зҵо гәыԥла еихшоуп рдыррақәа рыҩаӡара ҳасаб азуны. Аурокқәа 90 минуҭ ицоит. Лара иазгәалҭеит 2016 шықәсазы амҽышатәи ашкол аҟны абызшәа дырҵара даналагози иахьеи аҭагылазаашьа шеиԥшым.
"Аԥсуа цқьа ҳәа ззуҳәо аныҟәара иаҟәыҵит. Инеиуа аурысцәа роуп, дара ирҵоит аԥсуа бызшәа абырг инаиркны. Насгьы абызшәа рҵоит зан, ма заб аԥсыуоу. Ҳаԥсуаа роуп изҭахым аԥсуа бызшәа", - лҳәеит Ԥерцхьелиа.
Ас еиԥш абызшәа ацәыхҟьара мзызс иамоу атәы еилкаам ҳәа азгәалҭеит лара.
"Ахәыҷы ан лбызшәа абзиабара анилмыркы нахыс, настәи аҳәара уадаҩуп. Ан лоуп ихадоу абызшәа арҵараҟны", - лҳәеит Ԥерцхьелиа.
Лара иазгәалҭеит ҳажәлар рхаҭарнакцәа ахьыҟазалакгьы рхатәы бызшәахь разнеишьа шеиԥшу, игәыгәҭыжьны ишрымоу, атәым бызшәа иаҳа иӡырнагошәа иахьанҳаланы ишырку.
"Лахь заҳҭо ҳбызшәа шаҟа абеиара ҳанаҭо ҩныҵҟала, доуҳала иаҳзеилкааӡом", - лҳәеит Ԥерцхьелиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0