Урыстәыла

Акомпозитор Геннади Гладков иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Владимир ФедоренкоКомпозитор Геннадий Гладков на репетиции концерта, посвященного своему юбилею.
Композитор Геннадий Гладков на репетиции концерта, посвященного своему юбилею. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2023
Анапаҵаҩра
Асовет фильмқәеи амультфильмқәеи рмузыкақәа равтор 89 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит акомпозитор Геннади Гладков, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Гладков ицхырааҩ Малик Аминов иажәақәа шьаҭас иганы.
"Иҩны иԥсҭазаара далҵит" ҳәа иҳәеит Аминов, иагьациҵеит аԥсыжра шымҩаԥгахо иҭаацәеи изааигәаз ауааи алархәны.
Геннади Гладков диит Москва, 1935 шықәсазы. 1959 шықәсазы далгеит Москватәи аконсерваториа амузыкатә ҵараиурҭа. 1964 иреиҳау амузыкатә ҵара иоуит П.И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториаҿ акомпозициа акласс ала, анаҩс далгоит аспирантура.
1988 шықәсазы РСФСР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ иоуит, 2002 шықәсазы — Урыстәыла жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵан.
Гладков - асовет мультфильмқәа "Бременские музыканты", "Малыш и Карлсон", "Ну, погоди!", "Голубой щенок", "Как львенок и черепаха пели песню" уҳәа рмузыка авторс дыҟан.
Иара убасгьы афильмқәа "Джентльмены удачи", "12 стульев", "Обыкновенное чудо" рмузыка давторын. Акомпозитор атеатртә қәгыларақәа рызгьы амузыка иҩуан.
Ажәабжьқәа зегьы
0