Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәын еиҭеиҳәеит ажурналистцәа реицлабраҟны аусумҭақәа шалкаахо атәы

Аргәын еиҭеиҳәеит ажурналистцәа реицлабраҟны аусумҭақәа шалкаахо атәы
Анапаҵаҩра
Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз сынтәа ажурналистцәа ирылаҳәаз аицлабра аԥхьахәтә фонд шышьақәгылоу, аусумҭақәа рыдкылара ианалаго, урҭ шеихшоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Аргәын. Аԥсны ажурналистцәа реидгылеи Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы аҳәынҭқарратә комиссиеи еицымҩаԥырго аицлабра аԥхьахәтә фонд сынтәа ҩынтәны ишьҭыхын, 300 нызқь мааҭ артәоит.
Уи алшара ҟанаҵеит Аԥсны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ирызку ажурналисттә усумҭақәа хазы ралкаара, урҭ рзы апремиатә ҭыԥ ҷыдақәа разгәаҭара.
Аицлабра аԥхьахәтә фонд аҟынтәи 30 000 мааҭ аицлабра аӡбаҩцәа ирызшәахоит.
"Ателехәаԥшра аганахьала актәи апремиа - 50 нызқь мааҭ, аҩбатәи - 30, ахԥатәи- 20 нызқь мааҭ. Акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа рҟны актәи апремиа-30 нызқь мааҭ, аҩбатәи -20, ахԥатәи -10 нызқь мааҭ. Аԥсны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ирызку ажурналисттә усумҭақәа рзы ҩ-премиак азгәаҭоуп, актәи - 30, аҩбатәи 20 нызқь мааҭ", - иҳәеит Аргәын.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
"Идырым аибашьра аҭоурыхқәа" захьӡу аицлабрахь ирыдыркылоит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 1 инаркны 2023 шықәса жьҭаара 30 рҟынӡа ателехәаԥшреи арадиои рефирқәа рҿы иҭыҵыз ма акьыԥхь збаз ажурналистцәа русумҭақәа. Автор х-усумҭак рҟынӡа рнагара азин имоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0