Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион аҿы аимҳәаршәаачымазара аҽарҭбааит

© Sputnik / Нина ЗотинаГрадусник и лекарство в капсулах
Градусник и лекарство в капсулах - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2023
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа араион аҿы 70 хҭыс аимҳәаршәаа азгәаҭоуп.
АҞӘА, жьҭаара 16– Sputnik, Бадри Есиава. Аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа араион аҿы аимҳәаршәаачымазара аҽарҭбааит ҳәа лҳәеит араион асанитар ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа есымчыбжьатәи аилацәажәараҿы.
Аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа араион аҿы 72 хҭыс аимҳәаршәаа азгәаҭоуп лҳәеит Ҷанԥҳа, иагьазгәалҭеит уи ауааԥсыра алаҵа аҟаҵара мап ахьацәыркуа ишадҳәалоу.

"Ииасыз ашықәс аан ачымазара зыхьуаз маҷын, аха усҟан игәаран аскарлатина. Ирацәаҩуп аҭаацәа алаҵа мап ацәызкуа. Урҭ ахәыҷы ачымазара ихигар еиҳа изеиӷьу иршьоит. Аха ахәыҷқәа чымазарак акәӡам ирхырго, зегь анеицылалак, рҭагылазаашьа зеиԥшрахозеи?" - ҳәа азҵаара ықәлыргылоит аҳақьым.

Иара убасгьы араион асанитартә аҳақьым хада ахәыҷқәа рчымазара урҭ рыфатә иадылҳәалоит, аҭаацәа ахәыҷқәа рықәра иахьмырԥшыкәа еиуеиԥшым афатә рырҭоит лҳәоит.
Аимҳәаршәаа ахьҭалалара акыр иеиԥшуп, аха 20-30 мшы инымҵәо аимҳәа ацуп, ашоурагьы 38 градуси инеиҳаны иамоуп.
"Уаанӡатәи ашықәсқәа ирҿырԥшны уажәы еиҳа иԥсыҽны ирхыргоит ахәыҷқәа. Шамахамзар аӡәгьы астационар ахь днанамгеит. Аимҳәаршәаа лаборатиатә гәаҭарала ашьақәырӷәӷәара залшаӡом. Аиҳарак аклиникатә ҟазшьақәа рылоуп ишеилыркаауа", - ҳәа лҳәоит Ҷанԥҳа.
Аимҳәаршәаа аиҳарак ааха рнаҭоит агәаҵәеи ацауаталеи. Ирхәышәтәуеит антибиотикқәа рыла.
Арҷелиаԥҳа Аԥсны COVID-19 азы: имарианы ирхыргоит, аха ачымазара ашәарҭара шацыц иаанхоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2023
Арадио
Арҷелиаԥҳа Аԥсны COVID-19 азы: имарианы ирхыргоит, аха ачымазара ашәарҭара шацыц иаанхоит
Ажәабжьқәа зегьы
0