Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит сынтәа Ауадҳара аԥсшьара аамҭа шымҩасыз атәы

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит сынтәа Ауадҳара аԥсшьара аамҭа шымҩасыз атәы
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа аԥсшьара аамҭа Ауадҳара ишамҩаԥысыз, ҽааны ӷәҭакқәас ирымоу атәы.
Сынтәа Ауадҳаратәи аԥсшьарҭаҟны заамҭа зхызгаз ауаа рхыԥхьаӡара 2 нызқьи 200-ҩык иреиҳауп, урҭ рҟынтәи 200-ҩык инарыцны Урыстәылантәи иааз роуп иҳәеит Багаҭелиа. Аԥсшьарҭа жьҭаара 15 инаркны иаркуп лаҵарамзанӡа.
"Ҳара иҳамоу аиараҭыԥқәеи зыԥсы зшьар зҭаху ҳауаажәлар рхыԥхьаӡареи еиқәшәом. Ҳиараҭыԥқәа маҷхеит, шаҟа ыҟоу аҟара ацуҵаргьы изҭаххо ҟалоит Аԥсны ахы-аҵыхәа иқәынхо", - иҳәеит Багаҭелиа.
Иара иазгәеиҭеит иааиуа ашықәс азы даҽа хәба-фба номер ацҵаразы алшара ҟалоит ҳәа ишақәгәыӷуа. Ԥшь-еихагылак змоу ахыбра аус арура азҵаара макьана аӡбара уадаҩуп иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0