Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Москва аиҳабыра афинцхыраара рырҭеит Гал инхо Аибашьра Ду аветеранцәа ирываҟәыло ауаа

© Sputnik / Марианна Кубрава Руки пожилой женщины
Руки пожилой женщины  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ираҟаратәу ахаҿқәа рахь иаҵанакуеит Аџьыньџтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз ма аибашьра иахҟьаны аахақәа зауз.
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Москва аиҳабыра афинанстә цхыраара рырҭеит Гал араион аҿы инхо Аибашьра Ду аветеранцәа ирываҟәыло ауаа ҳәа аанацҳауеит "ГалМедиа".
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Кәартаа иажәақәа рыла, Гал араион аҿы иахьазы аветеранцәаҵәҟьа аанымхаӡеит, урҭ ираҟараны ишьо фҩык ыҟоуп. Иара иҳәеит "Москва Аҩны", Аԥсны иҟоу Россотрудничество, Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа урҭ ацхыраара шрырҭо.
"Сынтәа ҳара араионтә хәышәтәырҭа иазынаҳашьҭит хаҭалатәи ахархәаразы амедицинатә маругақәа, ҳарзыԥшуп Гал ақалақь абиблиотекақәа рзы ашәҟә ҿыцқәа, ԥхьаҟатәи ҳусеицура ҳақәгәыӷуеит", - лҳәеит "Москва Аҩны" ахаҭарнак Марина Соиа.
Синявская Екатерина Васильевна - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2023
Аԥсны
Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран 101 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0