Урыстәыла

Зықь мааҭ иҟоу аԥара ҿыц адизаин аус еиҭадырулоит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезентация обновленных банкнот Банка России номиналом 1000 и 5000 рублей
Презентация обновленных банкнот Банка России номиналом 1000 и 5000 рублей - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Абанк еиҭарҿыцу зқьи хә-нызқьи мааҭ иҟоу ақьаадԥара ӡырнагеит жьҭаара 16 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Урыстәыла Абанк аҿы зықь мааҭ иҟоу аԥара ҿыц адизаин аус еиҭадырулоит ҳәа аҳәоит аиҿкааҩцәа рсаит.
"Абанкнотқәа рҭыжьра аамҭала иаанкылахоит. Инарҭбаан ахархәарахь макьаназ инашьҭхом", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Зықь мааҭ иҟоу аԥара иануп ақалақь Нижни Новгороди Приволжиетәи Афедералтә округи рҭыԥ ԥшӡарақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Сиуиумбик абааш, Казань игылоу аҭаҭар жәлар рҳәынҭқарра аҭоурых Амузеи.
Амузеи уаанӡатәи ауахәама ахыбраҿ иҟоуп. Ауахәама ахыбра асовет аамҭаз ирбган, аха нас еиҭашьақәыргылан. Убри аан аџьар ахаргыламызт. Ари ахыбреи аԥсылман мзаҿа зхагылоу Сиуиумбик абааши ахьеицарбо Урыстәыла аиашахаҵаратә уахәама агәынамӡара рызцәырнагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0