Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Жәыжә ижә ажәырҭра иажәлеит": хьыӡла ишьақәгылоу ажәарццакқәа

© Foto / apsnyteka.orgАԥсуа жәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи реизга, Дырмит Гәлиа, 1921 шықәса
Аԥсуа жәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи реизга, Дырмит Гәлиа, 1921 шықәса - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2023
Анапаҵаҩра
Ажәарццакқәа ирызкны аматериал ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ахәыҷы аԥхьаӡашьа, ацәажәашьа анидырҵо рхы иадырхәоит еиуеиԥшым ажәархәмаррақәа, ажәарццакқәа.
Ажәарццакқәа – афольклор ахкы маҷқәа (ажанр ссақәа) рахь иаҵанакуа ажәалатәи хәмарроуп. Дара хшыҩзышьҭра рыҭаны, реизгареи ақьаад ранҵареи иалагаз аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иоуп.
Ажәарццакқәа – инҭкааны ажәақәа, аҳәоуқәа рҳәара ауаҩы дашьцыларц, ибз ԥҽырц азы ицхыраагӡа дууп. Урҭ гхада рҳәараҟны аҽазыҟаҵара бзиа аҭахуп. Знык иназаҳаны, иаразнак ииашаны изызҳәо маҷуп.
Золотая осень в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2019
"Хә-ҳәыҳәк хә-махә ҩак ирықәтәоуп": аԥсуа ажәарццакқәа рыхҳәаа

Хьыӡла ишьақәгылоу ажәарццакқәа

Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рҿы ажәарццакқәа хыԥхьаӡарала ирацәоуп. Дара инарылукаар алшоит еиԥшу ахатәы хьыӡқәа, ажәақәа рыла ишьақәгылоу. Иаагозар:
Сырма асырма лнапы иакуп,
Сырма лнапы асырма акуп.
Панџьа анҷа давагылоуп,
Давагылоуп анҷа Панџьа.
Ҳәынаԥ Ҳәына иҿы днеит,
Ҳәына Ҩына ишҟа дцеит.
Аҵәа ацәа Ҵәаҵәа ифеит,
Ҵәаҵәа аҵәа ацәа ифеит.
Ажәарццакқәа рыбжеиҳан еиԥшу ашьҭыбжьқәа злоу ахьӡқәеи ажәақәеи реидкыларала ишьақәгылоуп:
Ара Раҭа,
Ната, Саҭа.
Ана Ҭаҭа,
Шьаҭа, Хәаҭа.
Кәакәа дхахоит афыр-фырҳәа,
Ҷаҷа ҿиҭуеит аки-киҳәа.
Картыт, Мышә,
Мышә, Цгәы,
Пипа, Ԥара,
Калххәры, Хаџьби,
Палты, Соулаҳ.

Ихыҭхәыцаау ахатәы хьыӡқәеи ажәлақәеи злоу

Ажәарццакқәа реилазаашьаҿы инарылукаартә иҟоуп зҭак аҟаҵара амуа, цасҳәа иҳәоугьы. Иаҳҳәозар:
Камлиа Кәымлеи иԥҳәыс Цыхьчаным Асԥа нырцә аԥсуа иалҳәаз жәдыруазар?
Еиуеиԥшым ацыбжьыҟа шьҭыбжьқәа рҳәара уазыҟазҵо, ашьцылара бзиа улазааӡо, ихыҭхәыцаау ахатәы хьыӡқәеи ажәлақәеи злоу ажәарццакқәа ануԥылоугьы маҷым. Уа ицәыргоу ахатәы хьыӡқәеи ажәлақәеи акырынтә еиҭаҳәоуп:
Кьачар-иԥа Хәиҭ уара умацара ду-Кьачар-иԥа Хәиҭума, зегьы даҳ-Кьачар-иԥа Хәиҭуп.
Қьачиа Ҟәаԥиа Ҭарчынџьықь уара умацара ду-Қьачиа Ҟәаԥиа Ҭарчынџьықьума, зегьы деицаҳ-Қьачиа Ҟәаԥиа-Ҭарчынџьықьупеи!
Аҟәсы Кьамсыс умацара ду-Ҟәсы Кьамсысума, зегьы дҳа-Ҟәсы Кьамсысуп.
Жәлар рҟәыӷара иалҵшәоу ажәарццакқәа абызшәа аҵареи адикциа ашьақәыргылареи зҭаху хәыҷгьы-дугьы рзы хәарҭарала рылоуп, ирымазаауеит есқьынгьы.
Работа детского сада. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2019
Аҩны бызшәеи адәахьтәи абызшәеи – ахәыҷы ишьклаҧшра аҟынтәи
Ажәабжьқәа зегьы
0