"Хә-ҳәыҳәк хә-махә ҩак ирықәтәоуп": аԥсуа ажәарццакқәа рыхҳәаа

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗолотая осень в Великом Новгороде
Золотая осень в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы ицәажәараҿы, иажәаҳәа аиҿкаараҿы ицхыраагӡоу ажәарццакқәа дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа фольклортә жанрқәа инарыламҩашьо иҟоуп ажәарццакқәа, дара афольклор ажанр ссақәа рахь иаҵанакуеит, хыԥхьаӡаралагьы имаҷым. Зхатәы бызшәала ицәажәо ажәларқәа зегьы ирымоуп рхатәы ажәарццакқәа. Аԥсуаа рмилаҭтә ажәарццакқәа раԥхьаӡа хшыҩзышьҭра рыҭаны, аизгара, ақьаад ранҵара иалагаз Дырмит Гәлиа иоуп.

Работа детского сада. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аҩны бызшәеи адәахьтәи абызшәеи – ахәыҷы ишьклаҧшра аҟынтәи

Атермин "ажәарццак" шьақәгылоуп "ажәеи" "арццакреи" реицҵарала. Ажәарццакы ажәлар рҿы хәмаршақә ауп ишырҳәо, ари ажәалатәи хәмарроуп. Урҭ рҳәараан ихадароу - агха ҟамҵаӡакәа, ирласны акырынтә ажәақәа реиҭаҳәароуп. Ажәарццакқәа лассы-лассы ажәаҳәаҿы рхархәара иуадаҩу ажәақәа рҳәара уанаршьцылоит, убз ԥнаҽуеит. Зыбз иқәцәажәо ауаа рдикциа еиӷьнатәуеит. Уи оуп хықәкыла функциас ирымоугьы.

"Ажәарццакқәа зеиӷьаҟам цхыраагӡа дууп ахәыҷы иажәаҳәа ашьақәыргылаҿы, урҭ рыбзоурала иара илшоит иуадаҩу, ҳажәаҳәа иалоу ацыбжьыҟақәа рҳәара. Ажәарццакқәа ирласны, ицқьаны рҳәара адагьы, хәыҷи-дуи иднарҵоит ихәыцны ацәажәашьа, ирҳәо ажәақәа рҵакы азхәыцшьа. Аха абызшәа ззымдыруа ауаҩы ажәарццак ус днадыххылан ҳәашьа имаӡам", – ҳәа азгәалҭоит ҩажәа шықәса инарзынаԥшуа ашкол аҿы аус зухьоу арҵаҩы Наира Ҭаниа-Ԥачлиа.

Ажәарццакқәа уҩызцәа рыгәҭаны хәмаррак аҳасабала иалоугалар, еиԥхныҩларыла рҳәара илахҿыху аамҭахгароуп. Акыс агәалаҟазаарагьы унаҭоит – хәарҭарагьы алоуп, абызшәа унарҵоит. Схаҭа иԥысшәахьеит.

Хаџьараҭ Ҳашымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьараҭ Ҳашымба: ажәлар рдоуҳатә культураҿы ихадароу акоуп абызшәа

Аха идыртәуп, ажәарццакқәа рҳәараҿы хымԥада аҽаршьцылара шаҭаху, зны заҵәык ала инҭыцҟьааны изҳәо ауаа маҷуп. Убасгьы ажәақәа уцәеилаҩашьан, иччархәу ажәақәа ануамхаҳәоугьы ҟалалоит. Аха уа агәкажьра аҭахым. Знык-ҩынтә уҽауршьцылар, нас рҳәара мариахоит.

Иааџьоушьаратәы иҟоуп, ажәытәӡа зны ажәарццакқәа анҿиоз ҳажәлар аҵара абарымахыз, аха гәынхәҵысҭала, шьала-дала заҟа абызшәа бзианы ирдыруаз, ирныруаз, рнубаалоит ажәарццакқәа. Избан акәзар, урҭ рышьақәгылашьа шаноуп. Шьоукы убас еиқәыршәоуп, шьҭыбжьыла еиԥшу ажәақәа еиқәшәаратәы – рҳәара уцәыдаҩхартә. Ауаҩы дашьцыларц азы ус еиԥш иҟоу ажәарццакқәа акырынтә еиҭаҳәоуп, иаагозар: "Аҳ иҳа еихаҳа ажә ихнаҳаҳаит", "Арланаа ран лылра аарла илыртаруеит". Убасгьы еиқәыԥхьаӡара мацарала ишьақәгылоу ажәарццакқәагьы ҳԥылоит: "Амшә, ахышә, аԥышә, ақьышә, аҭрашә, агәашә, аԥшьшьапык".

Иҟоуп ахшыҩҵак нагӡаны иаазырԥшуа ажәарццакқәагьы: "Хә-хәыҳәк хә-махә ҩак ирықәтәоуп, хәба-хәба ԥацәа рымоуп, рымаҳә амахә аӡа иқәтәоуп", "Аџьба Џьарма иџьма аџьра илоуп иара аџьџьаҳәа аџьар дрылоуп", "Жәыжә ижә ажәырҭра иажәлеит".

Ажәарццакқәа рҳәара

Уарла-шәарла акәзаргьы, иаҳԥылоит алабжьаратә ҵакы зныԥшуа ажәарццакқәагьы: "Ӷәык, ҩ-ӷәык, х-ӷәык рыла ахыӷәра узхыӷәуам", "Аҟыз ануркәыкәуа, ахәы ахы ахьхоу ала уахароуп" уҳәа.

Ажәарццакқәа рхархәара рацәоуп иахьа уажәраанӡагьы. Дара адикциа ашьақәыргыларазы рхы иадырхәоит еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу ауаа, иаагозар: ажурналистцәа, арадио аусзуҩцәа, ашәаҳәаҩцәа, еиуеиԥшым ахәылԥазқәа рымҩаԥгаҩцәа, арҵаҩцәа, насгьы зхы аус адызуларц зҭаху зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0