Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лев Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Аԥсны Донбасс цхыраарас ианаҭахьоу

© Sputnik / Томас ТхайцукЛев Квициния
Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2023
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 18 2023 шықәса рзы Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәа ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа - рҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас иҟаҵаразы.
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аԥсны лассы-лассы урыстәылатәи арегион ҿыцқәа ацхыраара рырҭоит иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр, Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа.
Хара имгакәа агуманитартә цхыраара даҽа партиак рышьҭырц ргәы иҭоуп, Ашықәс ҿыц аламҭалаз - амандаринақәа иҳәеит Кәыҵниа. Иара иажәа иацҵо иҳәеит ари ацхыраара ҷыдала ашколқәеи аинтернатқәеи ишырзыҟарҵо.
Аминистр иажәақәа рыла, 2022 шықәса иалагӡаны аусбарҭаҿы еиҿкаан, аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рахьгьы ишьҭын 60 тонна аидара амаҭәа, афатә, аӡы, зыда-ԥсыхәа ыҟам атауарқәа.
20 тонна рҟынӡа арратә операциа ҷыда иаланы еибашьуа аинтернационалтә бригада "Пятнашка" иалоу Аԥсны атәылауаа рзы ишьҭын.
АҶА аиқәырхаҩцәа ЛЖәРи ДЖәРи рҟынтәи иқәыргеит 132-ҩык аҭынч уааԥсыра, иара убас иҭахаз жәаҩык Аԥсны атәылауаа рыԥсыбаҩқәа.
Иара убас аусбарҭа аусзуҩцәа 15-ҩык 2022 шықәса рашәарамзазы иалахәын Лугансктәи Жәлар рреспублдикаҿы имҩаԥысуаз арра-еиқәырхаратә усурақәа.
Лев Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Аԥсны
Лев Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0