Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абаҩхатәрақәа реиндаҭлара: Алиса Гыцԥҳа лмузыкатә еицлабра афинал мҩаԥгахоит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукПК о музыкальном конкурсе Алисы Гицба
ПК о музыкальном конкурсе Алисы Гицба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2023
Анапаҵаҩра
Алиса Гыцԥҳа II Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра мҩаԥылгоит Москвеи Аҟәеи, жьҭаара 15-26 рзы.
II Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра иалахәхоит 29-ҩык авокалистцәеи ф-ансамбльки ҳәа рҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩцәа Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аноминациақәеи алагала ҿыцқәеи

Аицлабра актәи атур авидеоҭаҩра ала имҩаԥысуан. Алахәылацәа рықәгыларақәа аарышьҭуан. Ажиури алахәыла, апианиноарҳәаҩы, "Москонцерт" анапхгаҩы Басиниа Шульман иазгәалҭеит ари аҩыза аформат ахархәарагьы шауа, апрофессионалтә музыкантцәа иаԥсоуи иаԥсами усгьы ишазгәарҭо.
Алиса Гыцԥҳа лажәақәа рыла сынтәа аицлабра ахьӡ "авокалтә" ацынхәрас "амузыкатә" ҳәа ишыԥсаху, аноминациа "Академиатә вокал анагӡара" адагьы ишалагалоу аноминациа "Ансамбльтә ҟазара".
64-ҩык авокалистцәа рҟынтәи ажиури ахԥатәи аетап ахь инарышьҭит 29-ҩык. Ахыцтәи афортепианотәи ансамбльқәа жәаба рҟынтәи – фба. Иара убасгьы ицәыргоуп ажанр ҿыц – Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа асценаҿ иқәгылоит афортепианотә дуетқәа хԥа.
"Аконкурс аҿы еиндаҭлоит аҿарацәа. Иаразнакы иубоит аԥхьагылара змоу, аха иҟалоит маҷ-маҷ зҽалызкаауа. Иҟалоит ахԥатәи атур аҿы иаалырҟьаны иаԥхьагылаҩцәахо", - лҳәеит ажиури алахәыла, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Ольга Ступнева.
Џьниаԥҳа еиҭалҳәеит Алиса Гыцԥҳа еиҿылкаауа амузыкатә еицлабра иалагалоу аԥсахрақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2023
Арадио
Џьниаԥҳа еиҭалҳәеит Алиса Гыцԥҳа еиҿылкаауа амузыкатә еицлабра иалагалоу аԥсахрақәа

Амҽхак ҭбаа

Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсны жәлар рартистка Асида Гыцԥҳа иазгәалҭеит аҩбатәи алкааратә тур шымҩаԥысуаз Москва, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵреи Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи раҳаҭыр азы. Воронежтәи афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Ирина Авралева илҳәеит аицлабра арыцхә ҷыдақәа иахьрыдҳәало иабзоураны уи еиҳагьы аҽарҭбааит ҳәа.
"Аицлабра амҽхак уаанӡа еиԥшымкәа иҭбаауп, иарбанзаалак жәларбжьаратәи аицлабра аҵашьыцыртә еиԥш. Алахәылацәагьы ҳдыргәырӷьоит. Аҩаӡара ҳарак аадырԥшуеит", - лҳәеит лара.
Алиса Гицба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2023
Аԥсны
Алиса Гыцба иаԥшьылгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра хацыркуп

Ақьиара абызшәа

Авокалтә ҟазара еиҳа-еиҳа ирылаҵәоит ҳәа азгәалҭеит Басиниа Шульман. Лара лгәаанагарала, амузыка – аинырра, аимадара ирхархәагоуп. "Москонцерт" асахьаркыратә напхгаҩы лгәааанагарала, Аԥсны аклассикатә музыка арҿиаразы, аԥышәа аимдаразы, акультуратә уснагӡатәқәа реицымҩаԥгаразы алшара дуқәа амоуп.
"Аԥсны арҿиаратә лшара ҳәаадоуп. Ажәлар аҟыбаҩ рылоуп. Аԥсабара шыԥшӡоу еиԥш ауп ишыԥшӡоу ажәлар рхы-рыгәгьы. Аԥсни Урыстәылеи реиҩызара аԥеиԥш амоуп", - ҳәа лҳәеит Ольга Ступнева.
Агала-концерт мҩаԥгахоит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы жьҭаара 26 рзы Нхыҵ Уаԥстәыла жәлар рартист Заурбек Гугкаев напхгара зиҭо Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Владикавказ иҟоу Мариинсктәи атеатр афилиал Асимфониатә оркестри (асахьаркыратә напхгаҩы Валери Гергиев) Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри алахәны.
Ажәабжьқәа зегьы
0