Урыстәыла

Газа 12 нызқьҩык аҭынч уааԥсыра зыҩназ ахәышәтәырҭа иеихсит

© AP Photo /Fatima ShbairПалестинцы проходят среди разрушений в результате израильской бомбардировки в городе Газа
Палестинцы проходят среди разрушений в результате израильской бомбардировки в городе Газа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2023
Анапаҵаҩра
Аоперациа "Аихатәы асақәа" иалагоит ҳәа шаарҳәаз еиԥш, израильтәи ар асектор Газа ХАМАС тәазар ахьалшо аобиектқәа иреихсуеит, аграждантә хыбрақәа убрахь иналаҵаны.
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Асектор Газа иҟоу 12 нызқьҩык аҭынч уааԥсыра зыҩназ ахәышәтәырҭа "Аль-Кудс" иеихсит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал Al-Hadath адыррақәа шьаҭас иганы.
"Ааха рыҭан асектор Газа иҟоу ахәышәтәырҭа "Аль-Кудс" мрагыларатәии аладатәии аганқәа", — ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Палестина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ари азы израильтәи ар ахара рыднаҵоит.
Иара убас палестинатәи Амзаҿа Ҟаԥшь адырра ҟанаҵеит израильтәи ар ахәышәтәырҭа анапхгара рахь адҵа шыҟарҵаз ауаа ахыбра идәылыргарц, ЦАХАЛ уи иеихсырц ргәы иахьҭоу азы.
Аиҿкаараҿы ишырҳәаз ала, апациентцәа аӡәырҩы, асабицәагьы убрахь иналаҵаны, рдәылгара залшомызт, избанзар рыԥсҭазаара зкыз амаругақәа рҿыҵакын.
"Ахәышәтәырҭа "Аль-Кудс" PRCS анапаҵаҟа иҟоуп, уи Аџьар Ҟаԥшьи Амзаҿа Ҟаԥшьи ирылоуп, егьырҭ амедицинатә миссиақәеи аусбарҭақәеи реиԥш, жәларбжьаратәи агуманитартә зин иахьчоит", - ҳәа анын Амзаҿа Ҟаԥшь арелиз аҿы.
Церковь Святого Порфирия в секторе Газа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2023
Урыстәыла
ЦАХАЛ 450 инареиҳаны ХАМАС аобиектқәа ирылахысит
Ажәабжьқәа зегьы
0