Урыстәыла

ЦАХАЛ 450 инареиҳаны ХАМАС аобиектқәа ирылахысит

© Foto / из соцсетей Церковь Святого Порфирия в секторе Газа
Церковь Святого Порфирия в секторе Газа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2023
Анапаҵаҩра
Аоперациа "Аихатәы асақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны израилтәи ар асектор Газа иҟоу аобиектқәа иреихсуеит, аграждантә хыбрақәа убрахь иналаҵаны.
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Израиль атәылахьчара ар (ЦАХАЛ) 450 инареиҳаны Исламтәи аҿагылара (ХАМАС) иатәу асектор Газа иҟоу арратә обиектқәа ирылахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ЦАХАЛ апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
"Иацтәи амш иалагӡаны Израиль Атәылахьчара ар рҳаирплан-жәылаҩцәа асектор Газа иҟоу атеррористтә еиҿкаара ХАМАС иатәу арратә обиектқәа 450 инареиҳаны ирылахысит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аоперациатә дҵаҟаҵаратә центрқәеи, ахылаԥшырҭақәеи, атанкҿагыларатә ракетақәа рҭыԥқәеи", — ҳәа ануп арелиз аҿы.
Иара убас адырра ыҟоуп израилтәи ар иажәларц згәы иҭаз, атанкҿагыларатә ракетақәа аузышьҭырц зҭахыз "атеррористтә ҭыҩрақәа" ааха рырҭеит ҳәа.
Ситуация в Палестине в связи с обострением палестино-израильского конфликта - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2023
Урыстәыла
Израиль атәылахьчара аминистр аҳәамҭа ҟаиҵеит сектор Газа аҟны аибашьра аетап ҿыц ишалагаз
Палестинеи Израили реимак ҿыц ахы ыҵнахит жьҭаара 7 ашьыжь асектор Газа аҟынтәи Израиль аганахь зеиԥш ҟамлац аракетатә жәылара аныҟала ашьҭахь.
Ахәаша, жьҭаара 27 рзы Израиль адырра ҟанаҵеит адгьыл аҿтәи аоперациақәа шдырҭбаауа азы. Асектор Газа аҿы хадара зуа палестинатәи аиҿкаара ХАМАС Мраҭашәаратәи аԥшаҳәаҿы инхо палестинаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит ақәгыларақәа ҟарҵаларц, израильтәи ар ирҿагыларц.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, арҭ аиҿагыларақәа раан иҭахахьеит аа-нызқьҩык инареиҳаны асектор Газа анхацәа.Израиль аганахьала иҭахахьеит 1,4 нызқбҩык ауаа, 300-ҩык аруаа налаҵаны.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2023
Урыстәыла
Арӡынба: палестинатәи аҳәынҭқарра нагӡаны еиҿкаатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит Аԥсны
Ажәабжьқәа зегьы
0