Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи раҳазалхыҩцәа ақыҭанхамҩатә сезон аан русеицура иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦитрусы Абхазии.
Цитрусы Абхазии. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрус аалыҵқәа анашьҭра сынтәа ҵыԥх аасҭа еиҵахоит, 40 000 тонна рҟынӡоуп иҟало ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.

Жьҭаарамза аахыс ареспубликаҟынтәи зықь тонна инареиҳаны ацитрус шәырқәа аҳәаа иахыргахьеит, иара убасгьы анаплакҩцәа ииаргеит 245 тонна афеихоа, 28 тонна ахәырма, 67 тонна алимон. Зынӡа - 1,3 нызқь тонна аалыҵ.

Ақыҭанхамҩатә аалыҵ аганахь ала аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгара, аинформациа аелектронтә еимдара, 2023 шықәсатәи акурорттә сезон шымҩаԥысыз уҳәа азҵаарақәа ирылацәажәан Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа Аҟәа реиԥылараҿы.
Аганқәа еилацәажәеит Аԥсны аҵакыраҿы ирааӡо ақыҭанхамҩахкқәеи урҭ рымҽхаки ирызку аинформациа, аелектронтә дыррақәа еимырдаларц. Азхьаԥшра ҷыда аҭан аинформациатә шәарҭадара, ԥкрада апрограмматә хархәагақәа русура.
2023 шықәса ҳҭалазар аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысхьеит ҩ-миллионк инареиҳаны атранспорттә хархәагақәа, ари ҵыԥх аасҭа 3% рыла еиҳауп, 11 миллионҩык ауааԥсыра, ари ҵыԥх аасҭа 10 % еиҳауп.
Шьониа еиҭеиҳәеит сынтәа Гал цитрус шәырқәа рҽаҩра зеиԥшроу атәы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Арадио
Шьониа еиҭеиҳәеит сынтәа Гал цитрус шәырқәа рҽаҩра зеиԥшроу атәы
Аихамҩатәи аидарамҩангагатәи мҩасра 18% еиҳахеит, апассаџьыртә мҩасра – 28%.
Аилацәажәара иалахәын Краснодартәи аҳазалхырҭа аиҳабы Наталиа Полосухина, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Алексеи Быков, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АҲЕ ахаҭарнак Константин Козлов, Урыстәыла АҲЕ Аԥснытәи аҳазалхырҭатә ҭыԥ аиҳабы Игор Титаренко.
Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Аԥсны АЕ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба, Аҳазалхратә хылаԥшреи аҳазалхратә еиҿкаареи русбарҭа хада аиҳабы Џьамал Цәеиба, аҳазалхратә хылаԥшреи аҳазалхратә еиҿкаареи русбарҭа аҟәша аиҳабы Ҭемыр Дгьебиа, Аҳазалхратә статистикеи анализи рнапхгараҭара аиҳабы Асида Кәыҵниаԥҳа, азинтә ҟәша аиҳабы Анана Гогохьиа, аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Лашәриа.
Ажәабжьқәа зегьы
0