Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ацитрустә аамҭа иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ацитрустә аамҭа иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа ацитрустә шәырқәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, урҭ рыҭира иацу ауадаҩрақәа раԥыхразы ицо аусура атәы, насгьы ашәырқәа аус рыдуларазы иҟоу апроектқәа ртәы.
Амандарина ҵыԥх аасҭа имаҷуп, аха ахаҭабзиара иаҳа еиӷьуп, 30 нызықь тонна еизыргартә еиԥш аҭагылзаашьа ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа аиҿцәажәараҿы. Ацитрус шәырқәа рыхә ашьақәыргылара далацәажәо иҳәеит уи аҳәынҭқарра шалахәым иҟоу аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәа ирыхҟьаны.
"Амандарина аҳәаа ахыгараан Урыстәыла аганахьала ашәахтә ргоит, ҳара иахьынӡаҳалшо уи ҳармаҷуеит, избанзар, уаантә ауп нас ишахыршәаауагьы. Сынтәа кьылак 24 мааҭ ҳәа ишьақәҳаргылеит ҳаиқәышаҳаҭны. Заа иҟалаз амандарина ирҭииуит 40 мааҭ ҳәа, ахыԥхьаӡара анмаҷу аҳәааҿы ауадаҩрақәагь ыҟаӡам. Макьана ишахәҭоу иаламгац", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла, анхаҩы ацитрустә шәырқәа раарыхра игәы ацәкамҳартә еиԥш иҟаҵатәуп.
"Усҟан аҳәынҭқарра амандарина анхацәа рҿы иаанахәон . Уажәы анхаҩы ихала ииҭиуеит. Урыстәылеи аԥсуа наплакыҩцәеи Аӡҩыбжьа ақыҭан аргылара иаҿуп ашәыр ахьрыдыркылало аҭыԥ. Иахьа ҳара иҳалшо анаплак маҷқәа роуп. Есышықәса ақыҭақәа рҿы иаадыртуеит, аха уи иҟоу ауадаҩрақәа азыӡбаӡом", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0