Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Александр Анқәаб Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Александр Анкваб
Александр Анкваб  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 6 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аԥсышәала ицәажәаз раԥхьатәи адырраҭарала аефир ахь ицәырҵит.
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра амшныҳәа рыдиныҳәалеит аусзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Александр Анқәаб адныҳәалараҿы иазгәеиҭеит 1978 шықәса абҵарамза 6 - ҳажәлар рҭоурых аҿы акрызҵазкуа арыцхә шакәу.
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахь аамҭа хьанҭақәа раан Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа гәкамыжьрада рыжәлар рымаҵ шыруз.
Аиҳабыратә биԥара иаҵанакуа ателехәаԥшра аусзуҩцәа рԥышәа, рдырра рымардоит аҿарацәа, иҳәеит Анқәаб.
Абҵара 6 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аԥсышәала ицәажәаз раԥхьатәи адырраҭарала аефир ахь ицәырҵит. Уинахыс амилаҭтә телехәаԥшра ашьақәгылареи аҿиареи рымҩа ианылеит.
Сотрудники Абхазской телерадиокомпании за работой - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Аԥсны
Актәи аҳәынҭқарратә: Аԥсуа милаҭтә телехәаԥшра афотоҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0