Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара амш рыдиныҳәалеит

© Foto / Администрация Президента Республики Абхазия Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 6, 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь аҭыҵра иалагеит, аекран аҿы ицәырҵит Аҟәа асахьа. Уи ахҭыс аахыижьҭеи иахьа иҵуеит 45 шықәса.
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра амшныҳәа рыдиныҳәалеит аусзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь ацәырҵра- аиаша иазықәԥоз Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы аҭыԥ ҷыда шаннакылаз атәы.
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа русураҟны иаадырԥшыз агәымшәареи ахачҳареи ирыбзоураны, иахьа иҳамоуп ишьаарҵәыраз урҭ ахҭысқәа рыхроника, адунеитә уаажәларра иадырит ақырҭуа националистцәа ргыгшәыгра атәы зҳәо аҵабырг. Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи аефир ацәырҵра, - аиаша иазықәԥоз Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылеит.
"45 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа телехәаԥшра қәҿиарала анапы иану анагӡара иаҿуп. Шәара шәдырраҭарақәеи шәанҵамҭақәеи аԥсуа уаажәларра рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Шәара ауаажәларра ирышәҭо аинформациа инаваргыланы ишәылшоит ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхарагьы", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив ирзеиӷьеишьеит арҿиаратә гәазыҳәареи аихьӡарақәеи.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Аԥсны
Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналистцәа" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0