Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада аҳаҭыртә хьӡқәа рхиҵеит Маиа Шьынқәырԥҳаи Валери Бжьаниеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента Абхазии
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳаҭыртә хьӡқәа рхиҵеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет агрономиа акафедра адоцент Маиа Шьынқәырԥҳаи Валери Бжьаниеи, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ақыҭанхамҩа аусхк аҟны аҭҵаарадырра-практикатә лшамҭақәа рзы аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет агрономиа акафедра адоцент, аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә инспекциа алабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа", - аҳәоит аусԥҟақәа руак аҿы.
Аҽа усԥҟак ала аргылара аусхк аҟны акыршықәсатәи иџьазы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аргылаҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Валери Бжьаниа.
Ажәабжьқәа зегьы
0