Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сынтәа раԥхьаӡа акәны ашәуаа Лыхнашҭа аныҳәа иалахәхоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Сынтәа раԥхьаӡа акәны ашщуаа Лыхнашҭа аныҳәа иалахәхоит
Сынтәа раԥхьаӡа акәны ашщуаа Лыхнашҭа аныҳәа иалахәхоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҿы аҽаҩра аныҳәа сынтәа имҩаԥыргоит абҵара 12 рзы.
АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҟарачы-Черкессктәи Ареспубликаҟынтәи ҳашьцәа ашәуаа Лыхны ақыҭаҿ имҩаԥгахо аҽаҩра аныҳәаҿы раԥхьаӡа акәны иалахәхоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахада ақыҭанхамҩаз ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарцхьиа.
"Ҟарачы-Черкесск Ареспублика аҟынтәи ҳашьцәа ашәуаа агәаҳәара аадырԥшит ари аныҳәа алахәхаразы. Ҳәарада, ҳаргьы гәахәала ҳақәшаҳаҭхеит. Сергеи Дбар ихьӡ зху амузеи ашҭа иаваҳаргылоит ашәуаа ртәгьы", - иҳәеит иара.
Праздник урожая - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2023
Аԥсны
Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа анымҩаԥгахо арыцхә азалхуп
Кәарцхьиа иажәақәа рыла, ҞЧА аҟынтәи ҳасасцәа ирыгәҭакуп ацәыргақәҵа аиҿкаара. Уа ицәыргахоит амилаҭ-маҭәа, аҭоурых ҵак змоу ажәытә бзазаратә маҭәарқәа, иаздырхиоит аконцерттә программа.
ҞЧА аделегациа 30-ҩык алахәхоит, урҭ рҟынтәи 27-ҩык артистцәа роуп.
Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҿы аҽаҩра аныҳәа есышықәса ҽаҩраҭагалан имҩаԥыргоит, акоронавирустә пандемиа аныҟаз ада. Ари араион азы иныҳәа дууп. Аныҳәахь Афон ҿыци Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи иӡырыргоит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, инаргоит рнапкымҭақәа, еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа.
Ари амш азы асценахь ицәырҵуеит акәашаратәи авокалтәи аколлективқәа. Иара убасгьы аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа. Изҭаху ирылшоит рхы аадырԥшырц еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0