Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа

© Foto / Медиацентр МИД АбхазииИнал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Анапаҵаҩра
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ауаажәларратә хеилак аԥҵан 2022 шықәсазы. Иара иалахәуп адәныҟатә политика аусхк аекспертцәа, аԥышәа змоу аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, ажурналистцәа.
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 6 азы ҳәа аанацҳауеит аминистрра Амедиацентр.
Аилатәара алахәылацәа алацәажәеит аиҳабыратә делегациа Минск рыҟазаара алҵшәақәа, Мрагылара Ааигәатәи атәылақәа рнырра, Аԥсны аинтеграциатә еидгылақәа ралахәара, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура.
АДәА рминистр Инал Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсни Аидгыла ҳәынҭқарра, ИАР атәылақәа, ЕАЕЕ рхаҭарнакцәеи аимадарақәа рыбжьарҵоит.
Аусбарҭа иазгәанаҭеит Аԥсны арҭ аидгылақәа рылахәхара ишақәшаҳаҭу аҳәынҭқаррақәа реиҟарара апринцип инақәыршәаны. Иазгәаҭоуп арратә операциа ҷыда ахыркәшара ашьҭахь асовет аамҭашьҭахьтә ҵакырақәа рҿы аинтеграциатә процессқәа иҿыцу аформақәа шроуа.
"Абри инадҳәаланы аилацәажәара алахәылацәа иазгәарҭеит Аԥсны арҭ аидгылақәа рылахәхара азҵаарақәа рылацәажәара шзаанаҵу", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2023
Аԥсны
Инал Арӡынба: ишәҭыкакаҷуа ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла ҳадгылаҩуп
Инал Арӡынба Ахеилак алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит ареспубликақәа рыҩганктә еимадара шыҟоу, Аԥсни Беларуссиеи русбарҭабжьаратә еимадарақәа ақырҭуа дипломатцәа аҿгылара шарҭогьы ахырхарҭа рацәа шрымоу.
Иара убасгьы Урыстәыла иҟоу Палестина ацҳаражәҳәаҩ иацәажәарақәа мҩаԥысуеит ԥхьаҟа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы. Аиалтәараҿы иара убасгьы иазгәаҭан ишалшо Аԥсни Ирани, Иемени, Афганисҭани, Ливани рыбжьара адипеизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. Инал Арӡынба иҳәеит ишаԥҵахо ҩ-ганктәи аусутә хеилак Аԥсны - Еидҵоу Арабтә Емиратқәа.
Еиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ЕАР амаҵзурақәеи аус рыцура иалацәажәо алахәылацәа ирҳәеит, урҭ ареспубликаҿы русура ахәшьара аҽакала азнеира шаҭаху. Инал Арӡынба аҽазныкгьы иазгәеиҭеит ирҳәо ахықәкқәеи имҩаԥырго аусқәеи реиԥшымзаара шзалмыршахо.
Ажәабжьқәа зегьы
0