Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәыҷы инвалидцәа ргәабзиара ашьақәыргылараз алекциақәеи аҟазаратә-классқәеи мҩаԥгахоит

© Sputnik / Кирилл КаллиниковИнвалидная коляска в коридоре Института диабета ФГБУ "НМИЦ эндокринологии"
Инвалидная коляска в коридоре Института диабета ФГБУ НМИЦ эндокринологии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2023
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 12-16 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит аинвалидра змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы асоциалтә ҵакы змоу аҵаратә проект "Ҳаамҭазтәи хра злоу аметодқәа рыла аинвалидра змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара".
АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Асоциалтә ҵакы змоу аҵаратә проект "Ҳаамҭазтәи хра злоу аметодқәа рыла аинвалидра змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара" азкуп ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи амедицинатә цхыраара рыҭара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аинвалидра змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы Москватәи агәыҳалалратә фонд "Движение вверх" аиҿкааҩцәа ируаӡәку Марина Большакова.
Лара илҳәеит, 2019 шықәсазы Аԥсни дареи аусеицура ишалагаз акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аныррала.

"Ҳаинырраан, ҳԥышәа аимдараан еилаҳкааит ареспубликаҿы хықәкылатәи аҳақьымцәа шыҟам, ишмаҷу ареабилитациатә центрқәа. Иҳазцәырҵит иҷыдоу арҵаратә проект азҳархиарц, Аԥсны амедицинатә еилазаара ахаҭарнакцәеи, аинвалидра змоу ахәыҷқәеи, урҭ рҭаацәеи рзы", - ҳәа лҳәеит Большакова.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҟазауаа имҩаԥыргоит алекциақәа, аҟазаратә-классқәа аҳақьымцәа рзы аиԥш аинвалидра змоу ахәыҷқәа рҭаацәа рзгьы. Иазгәаҭоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа змоу ажәахәқәа рыҟаҵара, хазхаҭалатәи абжьгарақәа рымҩаԥгара.
Ареабилитациатә центр "Мы вместе" аиҳабы Милана Аџьԥҳа иазгәалҭеит ари апроект Аԥсны амҩаԥгара аҵакы аманы ишыҟоу.
"Зыда ԥсыхәа ыҟам цхыраароуп. Ҳара еснагь ҳдыррақәа еизҳарҳалароуп. Иҟоуп аҭаацәагьы ахәыҷқәа рыхәшәтәра анхыркәшахалагь ашьҭахь, зхала аҩны ахәыҷқәа аус рыдызулаларц зҭаху. Аковид аамҭаз дара аҩны иҟазар акәын. Ахәыҷқәеи дареи еизынхон. Убри азы ирҭаххеит ирацәамзаргьы адырра ҷыдақәа роурц", - ҳәа лҳәеит лара.
Џьынџьалԥҳа Урыстәылантәи ахәыҷтәы психиатр лааразы: иҟоу азҵаарақәа зегьы аҳаракыр ҳҭахуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2023
Арадио
Џьынџьалԥҳа Урыстәылантәи ахәыҷтәы психиатр лааразы: иҟоу азҵаарақәа зегьы аҳаракыр ҳҭахуп
Ареабилитацитә центр "Мы вместе" аартын Цандрыԥшь ақыҭан. Гагра араион аҿы иара заҵәык ауп иҟоу. Ара ацхыраара рырҭоит 80-ҩык ахәыҷқәа. Уажәы аҭаацәа гәацԥыҳәарыла арҵаратә курсқәа рахь рҽанырҵоит ҳәа лҳәеит Аџьԥҳа.
Абҵарамза 12-13 рзы аинвалидра змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы Цандрыԥшь имҩаԥгахоит асоциалтә ҵакы змоу аҵаратә проект "Ҳаамҭазтәи хра злоу аметодқәа рыла аинвалидра змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара", абҵара 14 -15 рзы — Аҟәа.
"Апрект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит алекциақәеи аҟазаратә-классқәеи. Алекциақәа рзырхоуп аҭыԥантәи аҟазауаа: аҳақьымцәа-аневрологцәа, алогопедцәа, аортопедцәа, адефектологцәа", - ҳәа лҳәеит Марина Большакова.
Апроект мҩаԥыргоит аинвалидра змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы Москватәи агәыҳалалратә фонд "Движение вверх", Нижни Новгород аҟынтәи амедицинатә гәабзиарашьақәыргыларатә центр "Экзарта", иара убас амедицинатә гәабзиарашьақәыргыларазы Жәларбжьаратәи академиа, Агәабзиарашьақәыргыларатә центр "Мы вместе".
Ажәабжьқәа зегьы
0